Ҟәбан акоронавирус иахырҟьаны аҽазырхиаратә режим иацырҵеит

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота сотрудников "Кубань-СПАС"
Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә азы аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла иазгәаҭан 57-ҩык акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ԥхынгәы 21 рҟынӡа аҽырхиаратә режим аҿҳәара инахеит ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара асаит.

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра шамоугьы  арегион аҿы ԥхынгәы 21 рҟынӡа уснагӡатәқәак шыҟац иаанхоит:

  • Русура иацырҵоит аобсерваторқәа. Уахь уаанӡеиԥш инарышьҭлоит аҳәаанырцәынтә иааз;
  • Асабардатә режим шыҟац иаанхоит ауаа рацәа реизарҭақәа рҿи атранспорт аҿи;
  • Краснодартәи атәылаҿацә алалараан: аҳаиртә баӷәазақәа рҿы аихамҩатә вокзалқәа рҿы, автовокзалқәеи автостанциақәеи рҿы ашоурашәара мҩаԥыргоит;
  • Асоциалтә дистанциа иақәныҟәалатәуп;
  • Агәмырҿыӷьратә индустриа, амассатә уснагӡатәқәа рлахәылацәа шәҩык иреиҳазар аԥкырақәа ирыҵаркуеит;
  • 65 шықәсеи инеиҳани изхыҵуа рҽыԥхьакра арежим иацырҵоит.

" Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра шамоугьы, арегион аҿы ԥхынгәы 21 рҟынӡа уснагӡатәқәак шыҟац иаанхоит. Аинфекциа алаҵәара алмыршаразы аусурақәа мҩаԥгахоит", - ҳәа рҳәеит Роспотребнадзор аҿы.

Краснодартәи атәылаҿацә азы аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла иазгәаҭан 57-ҩык коронавирустә инфекциа змаз. Иахьазы 6159-ҩык COVID-19 рыдырбалахьеит. 4910 пациент ахәышәтәырҭақәа ирылҩаауп. 81-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0