Ацәыӡқәа рацәахоит: Украина Арра-мшынтә мчқәа рхада Урыстәыла дабашьыр иҭахуп

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе
Международные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина 85% рҟынӡа ӡыла Ҟрым еиқәнаршәон, Днепр аҟынтәи игоу Аҩада-Ҟрымтәи аканал ала. Аха Ҟрым Урыстәыла ианалала ашьҭахь ареспубликахь ганкахьала аӡынашьҭра аанкылан.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Украина Арра-Мшынтә мчрақәа Урыстәыла абашьра рҽаздырхиоит ҳәа иҳәеит афлот адҵаҟаҵаҩ аконтр-адмирал Алексеи Неижпапа, агазеҭ "Думская" аинтервиу аҭо.

Иара иажәақәа рыла, Украина иагәҭакуп Ҟрым архынҳәра, убри азы аибашьрагьы аҽазнархиоит.

"Ацәыӡқәа ҟалашт аруаа рыбжьареиԥш, аҭынч уааԥсыра рыбжьарагьы", - ҳәа Неижпапа иажәақәа аанагоит РИА Новости.

Иара ишиҳәаз ала, Киев аурыс ар Херсонтәи аобласт иажәлозар ҳәа иԥшуп аӡы Ҟрымҟа инарышьҭырц.

"Ҳаруаа хиоуп. Апланқәа зегь сзаартуам, аха аракетатә комплекс "Нептун" Украинантә Севастопольнӡа инаӡоит", - иҳәеит Неижпапа.

Украина 85% рҟынӡа ӡыла Ҟрым еиқәнаршәон, Днепр аҟынтәи игоу Аҩада-Ҟрымтәи канал ала. Аха Ҟрым Урыстәыла ианалала ашьҭахь ареспубликахь ганкахьала аӡынашьҭра аанкылан.

Украинатәи аполитикцәа аӡы адгьылбжьахахь анашьҭра мап ацәыркуеит, аха иааҟәымҵӡакәа ирҳәоит аурысқәа Аҩада-Ҟрымтәи аканал "рнапахьы иааргар" рҭахуп ҳәа, аха убри аан ареспубликаҿы аӡыржәтә ахыҵхырҭақәа ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0