Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәылара тәылақәа акоронавирус аҿагылараҿы ишрыцхаауа

© Sputnik Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрибытие самолёта с гуманитарной помощью в Алматы
Прибытие самолёта с гуманитарной помощью в Алматы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса жәабранмза аахыс Урыстәыла 32 ҳәынҭқарра COVID-19 аҿагылараҿы ирыцхраауеит. Агуманитартә еидарақәа реиҳарак нашьҭын ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рахь.

Данара Курманова, Sputnik

Убри аан Урыстәыла ацхыраара амедицинатә хархәагақәеи ахәшәқәеи рыла мацара иԥкым. Sputnik иазнархиеит урыстәылатәи агуманитартә цхыраара ахҳәаа, иагьеилнакааит Урыстәыла апандемиа аамҭазы агәылара тәылақәа ишрыцхраауаз.

Зегь ргәаҭара мҩаԥнагон

Аҳәаанырцәҟа раԥхьатәи агуманитартә цхыраара еиҿкаан жәабранмзазы. Усҟан Урыстәыла аҳәаанырцәҟа иашьҭуан акоронавирус адиагностиказы атест-системақәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Роспотребнадзор аҿы.

"Ацентр "Вектор" аҵарауаа иаԥырҵеит атест-системақәа ажьырныҳәа 19 рзы. Жәабран 7 рзы иара хра шалаз шьақәыргылахеит Роспотребнадзор зхадараҿы иҟаз Урыстәыла аҟазауаа Китаиҟа рнеираан. Абри ашьҭахь Урыстәыла аҳәаанырцәҟа рынашьҭра иалагеит арҭ атест-системақәа", - ҳәа еиҭарҳәеит аиҿкаара апресс-маҵзураҿы.

Ԥхынгәы 14, 2020 шықәса азтәи адыррақәа рыла, Урыстәыла аҳәаанырцәҟа иашьҭит 734 000 тест акоронавирус агәаҭаразы хәыда-ԥсада. 55% ма 402,7 нызқь тест роуит ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла. Атест-системақәа рпартиа ду нашьҭын – Ҟыргызсҭан, Узбеқьсҭан, Ҟазахсҭан рахь.

Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәыла-тәылақәа 400 000 коронавирус-тестқәа рнаҭеит
Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәылара тәылақәа акоронавирус аҿагылараҿы ишрыцхаауа - Sputnik Аҧсны
Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәыла-тәылақәа 400 000 коронавирус-тестқәа рнаҭеит

Уи адагьы Роспотребнадзор аҿы иазгәарҭоит: урыстәылатәи атестқәа шракәу акоронавирус аҟазаара Ермантәыла, Белоруссиа, Ҭаџьыкисҭан ишьақәзырӷәӷәаз. Аха атест амҩаԥгаразы ахимиатә реактивқәагьы аҭахуп. Убри азы Урыстәыла аҳәаанырцә ирзынанашьҭит ареагентқәа 723 000 ҭҵаара рымҩаԥгаразы. Урҭ рҟынтәи 440 000 ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла ирзынашьҭын.

Атестқәа рыдагьы

Агуманитартә цхыраара аҳасаб ала агәыла-тәылақәа ирзынашьҭын 23 кьысрадатәи атермометрқәа, аҳәынҭқарратә ҳәаақәа роушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны ахрархәаразы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Роспотребнадзор апресс-маҵзураҿы. 10 приборк наган Кыргызсҭанҟа, 7 – Ермантәылаҟа, 6 –Таџьықьысҭанҟа.

Лаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 6 406-ҩык авирус рыдбалоуп

Азхьаԥшра ҟаҵан аҵара-рккаратә уснагӡатәқәа рганахь алагьы. COVID-19 аҿагыларазы Роспотребнадзор онлаин-лекциақәа 10 мҩаԥнагеит.

"Аконсультациақәа авидеоеимадара аформат ала адагьы имҩаԥысуан. Урыстәылатәи аҟазауаа арыцҳара ахьыҟаз атәылақәа рахь инеиуан. Лаҵарамзазы Ҭаџьыкисҭани Молдовеи урыстәылатәи ахәшьаратә миссиақәа авирус алаборатортә диагностика амҩаԥгара иалацәажәон".

Ацхыраарахь иццакуеит

Аҳәынҭқарра-партниорцәа апандемиа аҿагылараз рыцхырааразы иахьагьы ИАР атәылақәак рҟны аус руеит урыстәылатәи аҳақьымцәа ргәыԥқәа. Ԥхынгәымзазы аепидемиологцәеи авирусологцәеи Ҟазахсҭани Кыргызсҭани иҟан ҳәа аанацҳауеит Роспотребнадзор. Ҟазахсҭан аус руеит 55-ҩык урыстәылатәи аҳақьымцәа. Уа аҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы акарантин нанҳәа 2 рҟынӡа иааныжьуп. Урыстәыла Ҟазахстан иазынанашьҭит агуманитартә еидара. Адистрибиутор "СК-Фармация" адыррақәа рыла, аидара шьақәгылоуп: 2 790 комплект аҽыхьчаратә маҭәала, 22 000 сабардала, 236 ҭоԥ "Фавипиравир" ала.

Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәыла-тәылақәа 400 000 коронавирус-тестқәа рнаҭеит
Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәылара тәылақәа акоронавирус аҿагылараҿы ишрыцхаауа - Sputnik Аҧсны
Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәыла-тәылақәа 400 000 коронавирус-тестқәа рнаҭеит

Иахьазы урыстәылатәи аҳақьымцәа аус руеит Аахыҵ Уаԥстәылагьы. Ермантәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, арахь ацхыраараз иааит 50-ҩык аҳақьымцәа. Ԥхынгәы 12 рзы Азербаиџьанҟа инашьҭын Сеченов ихьӡ зху Москватәи ауниверситет аҳақьымцәа ргәыԥ.

Сербиа инаркны Лаоснӡа

Иазгәаҭатәуп Урыстәыла ИАР атәылақәа рымацара шракәым изыцхыраауа. Sputnik Роспотребнадзор ишазеиҭанаҳәаз ала, аапандемиа аамҭаан Урыстәыла ацхыраара рнаҭеит 32 тәыла.

Агуманитартә цхыраара агеографиа иаҵанакуеит: Гвинеиа, Непал, Коста-Рика, Никарагуа, Палестина, Афганистан, Куба, Лаос, Доминика, Ливан, Сербиа, Венесуела, Египет уҳәа иҵегьы. Дара зегьы ПЦР-тестқәа хәыда-ԥсада ирзынашьҭын.

Виетнам акоронавирус ҭнаҵаауеит урыстәыла-виетнамтәи аҭҵаарадырратә центр.

COVID-19 аҿагылара иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы. Иара ахьӡала Џьиибути инашьҭын аплашьпалаткақәа, Камбоџьаҟа – зықь ҭоԥ ахәшә "Циклоферон".

Аекспорт ахышәаҵышәа иазҳауеит

Агуманитартә цхыраара адагьы аекспорт иазҳауеит. Иахьазы експорт ҳасабла атест-системақәа нарышьҭуеит: Ермантәыла, Беларусь, Ҟазахстан, Кыргызстан, Молдова, Ҭаџьыкисҭан, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, Украина ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистрраҿы.

Атестқәа иара убасгьы аҭирахь инаргоит – Австриа, Бангладеш, Болгариа, Бразилиа, Венгриа, Германиа, Индиа, Италиа, Арабтәи аемиратқәа рахь.

"Уажәазы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит Алжир, Афганистан, Венесуела, Малаизиа, Марокко, Сербиа, Пакистан рахь анашьҭразы", - рҳәеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

600 инарзынаԥшуа аҳауаҭарсга аппаратқәа нашьҭуп Узбекисҭан, Беларусь, Сербиа, Италиа атәылақәа рахь ҳәа иҳәеит Ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Денис Мантуров. Уи адагьы ашоурашәагатә терминалқәа рыҭира иалацәажәоит Урыстәылеи Америкеи.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0