Урыстәыла атәылауаҩра аиура еиҳа имариахоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковская печатная фабрика Гознака
Московская печатная фабрика Гознака - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин 2020 шықәса мшаԥымзазы атәылауаҩра аиура армариаразы афедералтә закәан инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы Урыстәыла атәылауаҩра аиура армариаразы афедералтә закәан амчра аиуит.

Паспорт гражданина Российской Федерации - Sputnik Аҧсны
Шықәсыбжак аҩныҵҟа Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәоит

Уажәшьҭарнахыс Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы аҽа тәылауаҩрак мап ацәкра аҭаххаӡом, астатус ҿыц аиуразы Урыстәыла аҟазаарагьы аҿҳәара аркьаҿуеит.

Азакәан иарԥсыҽуеит хышықәса Урыстәыла иахьаҵанакуа анхаразы аҭагылазаашьақәеи хымԥада ахныҟәгаразы изакәану ашьаҭақәа рыҟазаареи:

  • Зықәра наӡахьоу атәылауаҩра змам, урҭ СССР атәылауаҩра рымазар, СССР аилазаара иалаз атәылақәа рҿы инхозар, урҭ атәылақәа ртәылауаҩра рымамзар,
  • Аҳәаанырцәуаа Урыстәыла атәылауаҩ хаҵас/ԥҳәысс дызмоу, убри аан ахшара змоу,
  • Аҳәаанырцәуаа, зан ма заб Урыстәыла иатәылауаҩны иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла инхо,
  • Белоруссиа, Ҟазахстан, Молдавиа, Украина ртәылауаа рзы.

Иара убасгьы иркьаҿхоит хышықәса рҟынтәи шықәсык аҟынӡа урыстәылатәи аҵараиурҭа иалгаз Урыстәыла аҵакыраҿы ихымԥадатәиу русура.

Уаанӡа азиндырратә фирма "Александров и Папаскири" адиректор Дана Кәыџԥҳа ишылҳәахьаз ала, апроцедура ҿыц Аԥсны ауааԥсыра рзгьы атәылауаҩра аиура армариоит уи иашьҭоу иҭаацәа руаӡәк Урыстәыла датәылауаҩны уа еснагь дынхозари урыстәылатәи аҵараиурҭа далган Урыстәыла аҵакыраҿы шықәсык еиҵамкәа аус иухьазар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0