Путин: Урыстәыла авирус иахҟьаны аҭагылазаашьа еиӷьхо еицәахо макьана еилкаам

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие летних веранд в Москве
Открытие летних веранд в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иахьаҵанакуа авирус рыдырбалеит 5 475-ҩык ауааԥсыра 84 регион рҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Урыстәыла авирус иахҟьаны аҭагылазаашьа аҭынчхарахь амҩа иқәуп, аха абырсааҭк алагьы аҽеиҭанакыр алшоит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Владимир Путин асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәараҿы.

"Ауадаҩрақәа, апроблемақәа шмаҷмызгьы, иҳалҳаршеит зеиԥш ҟамлац аҭагылазаашьа аԥҵара, аепидемиа ажәылара аиааира", - иҳәеит иара.

Путин иазгәеиҭеит рашәара, ԥхынгәы амзақәа рзы акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара ишагхаз.

"Ус шакәугьы, исҳәоит аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанханы иҟоуп, еиӷьхо еицәахо макьана еилкаам. Аҳақьымцәа рабжьгарақәа рхаршҭра залшом, агәырҭынчрагьы ахәҭаны избом", - иҳәеит Путин.

Иара убасгьы иҳәеит акоронавирус иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа ҵаҵӷәыда, иахыццакны раԥыхра гха дуны иҟалар ҟалоит ҳәа, убри аан аиҭаԥкрақәа ралагалара аҽацәыхьчаразы иахәҭоу зегь шыҟаҵатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0