Стенин ихьӡ зху аиндаҭлараҿ онлаин-бжьыҭирала иаиааиз ихьӡ ҳәоуп

© Foto / Юрий СмитюкРабота Юрия Смитюк «Остров Врангеля»
Работа Юрия Смитюк «Остров Врангеля» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамзазы Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара асаит stenincontest.ru | stenincontest.com аҟны ирыланаҳәараны иҟоуп иаиааиз рыхьӡқәа. Аиндаҭлара иара убасгьы ихацнаркуеит ашықәс нҵәаанӡа адунеи ақалақьқәа рҿы аиааирагаҩцәа рыбжьара ароуд-шоу амҩаԥгара.

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ аинтернет-хархәаҩцәа ргәаанагарала иреиӷьуп ҳәа иалкаауп Примориатәи ажурналист Иури Смитиук ифотосахьа "Врангель идгьылбжьаха". Асахьаҿ дарбоуп аҳәырԥсарра аусзуҩ, аинспектор Павел Кулемеев.

Открытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Буэнос-Айресе - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара онлаин-бжьыҭара хацнаркит

Врангель идгьылбжьаха — урыстәылатәи Арктикаҿ иҩадатәиӡоу ҳәырԥсарратә дгьылбжьахоуп. Аҵааршәыратә океан адгьылбжьаха еиҩнашоит 180-тәи америдиан ала, апланета Мрагылареи Мраҭашәареи ахәҭақәа инарықәыршәаны. Аҳәырԥсарра "Врангель идгьылбжьаха" аҭаара ԥкуп.

Аԥхыни ҭагалани аус руеит жәа-туристтә маршрутк. Атуристцәа рыҟазаарагьы алшоит ареинџьерцәа рыцны мацара. Дара урҭ ршәарҭадара иахылаԥшуеит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Иара рхы аладырхәуеит 18 - 33 шықәса зхыҵуа. 2020 шықәса рзы аиндаҭларахь икылган 5 000 усумҭа 75 тәыла рҟынтәи.

2014 шықәса раахыс аиндаҭлара аусумҭақәа цәырыргахьеит: Москва, Кеиптаун, Будапешт, Мадрид, Ниу-Дели, Милан, Ниу-Иорк, Анкара, Буенос-Аирес уҳәа адунеи ақалақь дуқәа рҿы. Арзаҳалқәа рыдкылара есышықәса иалагоит ԥхынҷкәын 22 рзы ЖәАА "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин имшира аҽны.

Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партнерцәаны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ажәабжьтә маҵзура ANA, ателеканали апортали RTShanghai United Media Group (SUMG), аинтернет-портал China Daily, аинтернет-портал The Paper, амедиа-ҳа Al Mayadeen, аинформациатә маҵзура Prensa Latina, аинформациатә маҵзура News1, аинтернет-портал DBW, ажәабжьтә портал Brasil247, ажурнал "National Geographic Россия", апортал Russian Photo, апортал Photo-study.ru, афотошкола "Академия фотографии", аинформациатә портал YOung JOurnalists, ажурнал Fotoargenta, Ниу-Дели афотожурналистика аклуб, ажурнал Enfoque Visual, ажурнал LF Magazine, жәларбжьаратәи афестиваль PhotON.

Ажәабжьқәа зегьы
0