Аԥхынра иаалагазар Шәача 900 000-ҩык аԥсшьаҩцәа аҭаахьеит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурортный сезон в Сочи
Курортный сезон в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи анапхгара ақалақь асасцәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит асоциалтә еицәыхарара азгәарҭаларц, амедицинатә сабардақәеи анапҭарԥақәеи ныҟәыргаларц ахәаахәҭырҭа дуқәа, адәқьанқәа, амузеиқәа уҳәа ианырҭаауа, ауаажәларратә транспорт ианҭоу.

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥхынра иаалагазар Шәача 890 000-ҩык аԥсшьаҩцәа аҭаахьеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Убри аан еиҿкаарыла иаҭааз 680 000-ҩык ыҟан. Урҭ асанаториақәеи асасааирҭақәеи ирыҩнан.

Зхала ақалақь иаҭааз, зыуацәа, зҭынхацәа рҿы инхо, ма мышктәи аныҟәарақәа Аԥсныҟа имҩаԥызго рхыԥхьаӡара 200 000-ҩык инаӡон.

"Официалла, еиҿкаарыла асанаториақәа, асасааирҭақәа ирыҩноу рыдагьы ақалақь аҵакырахь иааиуа егьырҭ асасцәагьы ҳаԥхьаӡоит. Ахархәара аҳҭоит автомашьынатә пост Магри, аихамҩатә вокзалқәа, аеропорт рдыррақәа уҳәа егьырҭ арбагақәагьы, ауаа ақалақь аҿы рыҟазаара ҳаилзыркаауа", - ҳәа лҳәоит Шәача ахадара акурортқәеи атуризми рдепартамент адиректор Светлана Батиаикина.

Иахьазы ақалақь аҿы иҟоуп 210 нызқьҩык асасцәа. Нанҳәамзазы ишазыԥхьагәаҭоу ала, асанатор-курорттә усхк аобиектқәа 98% рыла иҭәуеит. Уи ҵыԥхтәи арбагақәа ирышьашәалоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0