УАФи Россотрудничествои аҳәаанырцәтәи атәанчаҩцәа аконсультациақәа рзыҟарҵалоит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнформационные буклеты Пенсионного фонда России
Информационные буклеты Пенсионного фонда России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакыраҿы атәанчахәқәеи асоциалтә шәарақәеи зауа 32 754-ҩык урыстәылатәи атәанчаҩцәа нхоит.

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Россотрудничествои Урыстәыла атәанчахәытә Фонди ҿҳәарадатәи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа асоциалтәи атәанчахәытәи рыҭаразы аҭагылазаашьа рзеиҿкаара, абри атәы аанацҳауиет РИА Новости.

Адокумент рнапы аҵарҩит Россотрудничество ахада Евгени Примакови Урыстәыла атәанчахәытә Фонди анапхгара ахантәаҩы Максим Топилини.

"Урыстәыла атәанчахәытә Фонди Россотрудничествои рхаҭарнакцәа аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа иддырдырлоит Урыстәыла азакәанқәеи жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи инарықәыршәаны асоциалтәи атәанчахәытәи еиқәыршәара рзеиҿкаара аҭагылазаашьақәа ртәы", - аҳәоит Россотрудничество апресс-маҵзура адырраҭараҿ.

Аконсультациақәа мҩаԥгахар алшоит авидеоконференциа аформат ала.

Нанҳәамза инаркны Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа рԥарақәа Аҵәахырҭатә банк абанкоматқәа рҟынтәи акәымкәа акассаҿынтә рыҭара иалагоит.

Иахьазы Урыстәыла анҭыҵ, адунеи атәылақәа 122 рҿы инхоит 342 нызқьҩык урыстәылатәи атәанчаҩцәа. Реиҳарак нхоит Германиа – 97 654, Израиль – 56 109, Абԥсны – 32 754, Белоруссиа – 25 428, Латвиа – 22 739, ЕАА – 21 308.

Ажәабжьқәа зегьы
0