Белоруссиа АКХ: Александр Лукашенко 80,23% иманы аԥхьа дгылоуп

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлександр Лукашенко. Архивное фото.
Александр Лукашенко. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белоруссиа ахада иалхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 9 рзы. Ахадарахь ркандидатурақәа ықәгылан: Александр Лукашенко, Светлана Тихановскаиа, Андреи Дмитриев, Анна Канопацкаиа, Сергеи Черечень.

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Белоруссиа Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Лидиа Ермошина илҳәеит заанаҵтәи адыррақәа рыла 80,23% бжьы иоуит атәыла ахада Александр Лукашенко ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Лукашенко Александр Григори-иԥа изы рыбжьы рҭиит 4 миллионки 652 нызқьҩык. Уи иартәоит 80,23%", - лҳәеит лара абрифинг аҿы.

Абжьыҭара иалахәын 5 миллионки 790 нызқьык. Анеира иартәеит 84,23%.

Белоруссиа ахада иалхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 9 рзы.

Белоруссиа Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Лидиа Ермошина адырра ҟалҵеит атәыла ахада Александр Лукашенко заанаҵтәи адыррақәа рыла абжьыҭараз аҳасабырбақәа ахьыҟаҵоу аҭыԥқәа зегьы рҿы аԥыжәара имоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0