Гамалеи ацентр аҿы еиҭарҳәеит Урыстәыла массала алаҵаҟаҵара ианалаго

© пресс-служба Минздрава РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылақәа хәба рҿы алаҵа аҭыжьраз урҭи иареи еилаӡеит. Иҟоу алшарақәа рыла 500 миллион доза шықәсык аҩныҵҟа аҭыжьра ауеит.

АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Акоронавирус хызҽуа алаҵа Урыстәыла массала аҟаҵара иалагоит мызкы ашьҭахь, иазхаша алаҵа анҭыжьхалак ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иганы.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
"Спутник V" COVID-19 аҿагылараз: еилкаахеит раԥхьатәи алаҵа хьӡыс иарҭаз

Алаҵа аҭаҩрашьҭахьтә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара иалагоит 7-10 мшы рышьҭахь. Аҭҵаарақәа ирылахәхоит жәаҩыла ауаа.

"Массала алаҵаҟаҵара маҷк ихьшәаны иалагоит. Алаҵа аиҳарак аҭаҩрашьҭахьтә ҭҵаарақәа ирзырхахоит. Уи иахҟьаны ҩба-хԥа мчыбжьа ма мызкы аҟара ихьшәахоит амассатә лаҵаҟаҵара", - иҳәоит Гинцбург.

"Азона ҟаԥшьқәа" рҿы аус зуа амедицинатә усзуҩцәагьы арҭ аҭҵаарақәа ирылахәхоит, иҳәеит адиректор.

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала, иара адунеи аҿы ираԥхьатәиу акоронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп.

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу акоронавирус азы алаҵа "Спутник V" ахьыӡҵоуп, 1957 шықәса рзы аҳауа иалаҵаз Адгьыл иԥсабаратәым аспутник аналогиала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0