16 шықәса рҟынӡа: Урыстәыла афинансқәа рминистрра ашәарақәа рымҩаԥгашьа азгәанаҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДеньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, ԥхынгәымзазы 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рыхьӡала аԥарашәара мҩаԥган 26 миллионҩык рзы.

АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Нанҳәатәи ашәарақәа мҩаԥгахоит атәыла аиҳабыра асоциалтә блок аиԥш иҟоу аусбарҭақәа рақәшаҳаҭхарала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Афедерациатә хеилак асоциалтә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Риазански иажәақәа шьаҭас иааганы.

Риазански ишиҳәо ала, аӡбра рыдкылахоит аԥыза-министр Михаил Мишустин Мрагылара харантәи даныгьежьлак ашьҭахь.

"Аԥарашәара мҩаԥгахо имҩаԥгамхо, ма аҽа уснагӡатәқәак еиҿкаахо шьақәыргылахоит. Ашәарақәа миллиардла инаӡоит", - ҳәа иҳәеит Риазански Nation News аинтервиу аҭо.

Аҵыхәтәантәи ажәа змоу Афинансқәа рминистрроуп ҳәа азиԥхьаӡоит асенатор, избанзар 2020 шықәсазтәи абиуџьет аҿы арҭ ашәарақәа арбамызт.

Рашәарамзеи ԥхынгәымзеи рзы ашәарақәа роуразы арзаҳалқәа жьҭаарамзанӡа рыдкылара алшоит аҳәынҭмаҵзуратә портал, УАФ асаит ахь инашьҭны. Арзаҳал ахәаԥшра хәымш иадхалоит.

Зныктәи аԥараиура алшоит Урыстәыла иатәылауааны иара аҵакыраҿы инхо, Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәыла аиҳабыра ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа аԥаратә шәарацҵа рзышьақәнарӷәӷәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0