Алеопардқәа Кәыдри Лабеи: Кавказтәи аҳәырԥсарраҿы аҿыцынхацәа ҟалоит

© Sputnik ВИТАЛИЙ АНЬКОВ архивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиаԥхьатәи алеопардқәа 1950 шықәса инаркны рацәак иуԥымло, зхыԥхьаӡара маҷу аԥстәқәа рахь ирыҵаркуа иалагеит. Ари ахкы аӡра мзыз хадас иаиуит рынхара аҭыԥқәа рықәхра, рыфара ашьаҭақәа рнырҵәара, ауаҩԥсы инапаҟынтәи ашьра.

АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Азиаԥхьатәи алеопардқәа ҩба, Кәыдри Лабеи, Кавказтәи аҳәырԥсарраҟны иоурышьҭраны иҟоуп нанҳәа 20 рзы Аурыс географиатә еилазаара 175 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аԥсабара аминистрра асаит.

© Foto / Центр восстановления леопарда на КавказеАлеопардқәа Кәыдри Лабеи: Кавказтәи аҳәырԥсарраҿы аҿыцынхацәа ҟалоит
Алеопардқәа Кәыдри Лабеи: Кавказтәи аҳәырԥсарраҿы аҿыцынхацәа ҟалоит - Sputnik Аҧсны
Алеопардқәа Кәыдри Лабеи: Кавказтәи аҳәырԥсарраҿы аҿыцынхацәа ҟалоит

Уаанӡа Кәыдри Лабеи нхон Кавказ алеопард аиҭарҿиара ацентр аҟны (Шәачатәи амилаҭтә парк аҿы). Уа дара иақәнагаз ахылаԥшра рыман, аԥсабараҟны рхала иҟазаарц азы иазыҟаҵан.

Алеопардқәа аурышьҭуеит аҳәырԥсарра ашьхара иахьаҵанакуа, Ацарҳәа ашьха ашьапаҿы. Аброуп дара ирықәнагахаша афатәгьы ахьырзыԥшаауа. Уаанӡагьы ари аҭыԥ аҿы акәын егьырҭ алеопардқәагьы ахьоурышьҭуаз.

Алеопардқәа аԥсабараҿы рхала иҿио иҟалароуп ари апрограмма хықәкы хадас иамоу.

Азиаԥхьатәи алеопардқәа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәҟәы ҟаԥшь иануп актәи акатегориа аҳасабала, уи иқәӡаар рылшоит ҳәа ашәарҭара ауп иаанаго.

2007 шықәсазы Росприроднадзор, Шәачатәи амилаҭтә парк, Кавказтәи аҳәырԥсарра, А.Н. Северцев ихьӡ зху Аекологиеи аеволиуциеи рпроблемақәа ринститут, Уаҩ дызкьымсыц аԥсабара Адунеизегьтәи афонд еилахәны еиҿыркааит азиаԥхьатәи алеопард Кавказ иқәҿиаразы апрограмма.

Уи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зҭагылазаашьа бзиоу, иҿиар зылшо ахкқәа аҳәырԥсарра иларҵоит, урҭ ҿиартә аҭагылазаашьа рзаԥырҵоит, анаҩс аԥсабараҟны ԥырхагада, иашьцыланы инхарц азы.

2016 ԥхынгәымза агәҭаны убас иоушьҭын азиаԥхьатәи алеопардқәа хԥа - Викториа, Килли, Ахәын.

2017 шықәса абҵарамзазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа анхаҩы Викториа акра илшеит, уи инхамҩаҿы акәтқәа агалон. Анаҩс иара Кавказтәи аҳәырԥсаррахь ииаган, уа 2018 шықәса ажьырныҳәамзазы иԥсны ирбеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0