COVID-19 иаҿагылоу алаҵа мҽхакы ҭбаала Урыстәыла ианырзыршо рҳәеит

© Sputnik / Андрей Катаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19
В России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаҵа аҭаҩрашьҭахьтәи аԥышәарақәа рзы иазԥхьагәаҭаз 40 нызқьҩык рахьтә 2,5 нызқьҩык хатәгәаԥхарала ауаа еизахьеит.

АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Алаҵа апартиа дуқәа раԥхьаӡа цәыббрамзазы раагара иалагоит иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

"Акоронавирустә инфекциа иаҿагылоу алаҵа атәы ҳҳәозар, уажәы уи аҭыжьреи аҭаҩрашьҭахьтәи ахылаԥшреи мҩаԥысуеит. Раԥхьаӡа иргыланы амедицинатә усзуҩцәеи арҵаҩцәеи рзы иҟаҳҵалоит, уи хатәгәаԥхарала ирыларҵоит, мчыла аӡәгьы изыҟаҳҵом. Апартиа дуқәа раԥхьаӡа цәыббрамзазы раагара ҳалагоит", - иҳәеит Мурашко, ажурналистцәа данрыҿцәажәоз.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра нанҳәа 11 рзы ашәҟәы иҭанагалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа "Спутник V". Алаҵа аԥырҵеит Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны.

РФПИ аиҳабы Кирилл Дмитриев адырра ҟаиҵеит, афонд ахь 20 тәыла рҟынтә азыҳәақәа шроуз урыстәылатәи ахәшә адозақәа миллиард раиуразы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәылеи азыҳәа ҟазҵаз рахьтә хә-тәылаки дара рҵакырадгьыл аҟны алаҵа аҭыжьразы ишеиқәшаҳаҭхаз. Дмитриев иажәақәа рыла, иахьазы ирымоу амчқәа алшара ҟарҵоит шықәсык ала 500 миллион доза аҭыжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0