Алаҵа "Спутник V" хәшәыҵәҟьоу плацебоу: аҭҵаарақәа рымҩаԥысшьа

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамзазы Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә центр аҿы акоронавирус COVID-19 аҟынтәи раԥхьатәи алаҵа "Спутник V" аус адуланы ашәҟәы иҭагалан.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Акоронавирус COVID-19 аҟынтәи раԥхьатәи алаҵа "Спутник V" аҭаҩрашьҭахьтәи аҭҵаарақәа хатәгәаԥхарала зхы рылазырхәуа акомпиутер акод рнаҭоит, абас ала дара рхаҭақәа реиԥш аҳақьымцәагьы ирыздырам алаҵа плацебоу ииашаҵәҟьоу лаҵоу. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә центр адиректор Александр Гинцбург.

"Издыруа акомпиутер ауп. Ауаҩы акод иҭоуп", - иҳәеит иара.

Аԥышәарақәа рышьҭахь ауп ианеилкаахо ирзыҟарҵаз.

Вакцину Спутник V выпустили в гражданский оборот. Кого привьют первыми? - Sputnik Аҧсны
Аԥсны COVID-19 аҟынтә Урыстәылатәи алаҵа аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит

Аԥхьатәи алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V". Иара хымчыбжь бжьаҵаны ҩынтәны иҟаҵалатәуп.

Аҭаҩрашьҭахьтә гәаҭарақәа рышьҭахьтәи аԥышәарақәа рымҩаԥгара иалагеит Москва, цәыббра 7 рзы. Алаҵа рзыҟаҵан хатәгәаԥхарала  аԥышәара зхы алазырхәыз. Зынӡа аԥышәарақәа ирылахәуп ҩынҩажәа нызқьҩык. Урҭ рҟынтәи жәа-нызқьҩык ироуа плацебо ауп. Уи ала еилкаахоит алаҵа иамоу аеффект.

Цәыббра 21 рзы Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит. Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу. Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵа хәыда-ԥсадахоит, аимҳәазы алаҵа еиԥш, изҭаху иҟаиҵоит.

"Спутник V" Агәабзиарахьчара аминистрра ахарџь ала иаахәахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0