Афизиказы Нобель иаԥхьахә рырҭеит акылҳара еиқәарақәа рыҭҵааразы

© AFP 2023 / JONATHAN NACKSTRANDБюст Альфреда Нобеля перед объявлением лауреатов Нобелевской премии по физиологии и медицине 2020 года в Каролинском институте в Стокгольме
Бюст Альфреда Нобеля перед объявлением лауреатов Нобелевской премии по физиологии и медицине 2020 года в Каролинском институте в Стокгольме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы амедицинеи афизиологиеи рганахьала аҵарауаа Нобель иаԥхьахә рыҭоуп гепатит С аҭҵааразы.

АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Афизиказы Нобель иаԥхьахә рырҭеит акылҳара еиқәарақәа рыҭҵааразы аҵарауаа Роџьер Пенроуз, Реинхард Генцель, Андреа Гез.

Нобель иаԥхьахә азы ахеилак аҟны еиҭарҳәеит британиатәи афизик, аматематик Пенроуз аԥхьахә шиҭаз акылҳара еиқәарақәеи акосмостә обиектқәеи рҟазшьа Альберт Еинштеин иаҿнырԥшра азеиԥш теориа ахьышьақәнарӷәӷәоз азы. Анемец астрофизик Генцели америкатәи астроном Гези — ҳ-Галактика ацентр аҿы аобиект хьанҭа аҭаԥшыхәразы.

Есышықәсатәи итрадициатәу Нобель иаԥхьахә амчыбжь аатит Швециа аҳҭнықалақь Стокгольм, жьҭаара 5 рзы.

Сынтәа акоронавирустә инфекциа иахҟьаны алауреатцәа Стокгольм есышықәсатәи аԥхьахәрыҭара ацеремониа ҟамлаӡеит. Есышықәса, ԥхынҷкәын 10 рзы Швециа акрал инапаҟынтәи стокгольмтәи афилармониаҿ аԥхьахәқәа роуан алауреатцәа. Сынтәа аратушаҟынтә ишиашоу ицо атранслиациа мҩаԥган, уи ала адипломқәеи амедалқәеи шыршоз рышьҭуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0