Путин аԥсцәеи атҟәацәеи реимдаразы Ҟарабах аамҭала ахымца аанкылазарц иааиԥхьеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с руководителем "Ростелекома" М. Осеевским
Президент РФ В. Путин встретился с руководителем Ростелекома М. Осеевским - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, Америка, Франциа Ҟарабах еиҿагылоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит абџьар шьҭаҵаны аиҿцәажәарахь икылсырц.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин агуманитартә хшыҩзышьҭра аҭаны ааԥхьара ҟаиҵеит Ҟарабах аԥсцәеи атҟәацәеи реимдаразы аамҭала ахымца аанкылазарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Кремль апресс-маҵзуррра адыррақәа шьаҭас иганы.

"Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани Владимир Путини изныкымкәа ҭелла реицәажәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин агуманитартә хшыҩзышьҭра аҭаны ааԥхьара ҟаиҵеит Ҟарабах аԥсцәеи атҟәацәеи реимдаразы аамҭала ахымца аанкылазарц", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Ашьха Ҟарабах еиҭахгьы бџьаршьҭыхрала еиҿагылеит цәыббра 27 азы. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.

Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагба Ашьха Ҟарабах ицо аидысларақәа рзы: раанкылара зылшо Урыстәыла ауп

Аганқәа рыҩбагьы рдыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа ыҟоуп аруаа рганахьеиԥш аҭынчуааԥсыра рганахьалагьы. Азербаиџьан адгылара анаҭоит Анкара.

Урыстәыла, Америка, Франциа еиҿагылоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит абџьар шьҭаҵаны аиҿцәажәарахь икылсырц. Ҭырқәтәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит Бақәа ззыҳәо зегьы рыала адгылара шанаҭо азы.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Ашьха Ҟарабах Азербаиџьан анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0