Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьазы аконсультациақәа Москва имҩаԥыргараны иҟоуп

© Sputnik / Владимир Баранов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на Московский Кремль с Большого Каменного моста.
Вид на Московский Кремль с Большого Каменного моста. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Бақәеи Еревани ишьақәдырӷәӷәеит Москва имҩаԥысраны иҟоу Ермантәылеи, Азербаиџьани, Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилацәажәарақәа рыҽшрыладырхәуа.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Азербаиџьани Ермантәылеи Москва аконсультациақәа мҩаԥыргараны иҟоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рыҩаӡарала ҳәа РИА Новости адырра алҭеит Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Захарова ишьақәлырӷәӷәеит Бақәеи Еревани рконсультациақәа иахьа ишымҩаԥгахо. Лара иара убасгьы илҳәеит аконсультациақәа мҩаԥыргараны иҟоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рыҩаӡарала ҳәа.

Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿы бџьаршьҭыхрала еиҿагылеит цәыббра 27 азы. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.

Президент РФ В. Путин встретился с руководителем Ростелекома М. Осеевским - Sputnik Аҧсны
Путин аԥсцәеи атҟәацәеи реимдаразы Ҟарабах аамҭала ахымца аанкылазарц иааиԥхьеит

Аганқәа рыҩбагьы рдыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа ыҟоуп аруаа рганахьеиԥш, аҭынчуааԥсыра рганахьалагьы. Азербаиџьан адгылара анаҭоит Анкара.

Урыстәыла, Америка, Франциа еиҿагылоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит абџьар шьҭаҵаны аиҿцәажәарахь икылсырц. Ҭырқәтәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит Бақәа ззыҳәо зегьы рганахь ала адгылара шанаҭо азы.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0