Киргизиа ахада Жеенбеков ԥхьатәара дцеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Киргизии Сооронбаем Жээнбековым
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Киргизии Сооронбаем Жээнбековым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамзазы Киргизиа Апарламент ахь алхрақәа шымҩаԥысызҵәҟьа аилаҩеиласрақәа ҟалеит.

АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Киргизиа ахада Сооронбаи Жеенбеков аԥшьаша ажәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит, иҳәеит ԥхьатәара дцарц аӡбра шидикылаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара амчра сымпыҵакны стәаӡам. Исҭахым Кыргызсҭан аҭоурых аҿы ашьа казҭәаз, зыжәлар иреихсуаз хаданы саанхар. Убри азы исыӡбеит – снапынҵақәа аансыжьуеит", - ҳәа иҳәеит иара иҳәамҭаҿы.

Иара убасгьы ареспублика аԥыза-министр ҿыц Садыр Жапаров иахьи егьырҭ аполитикцәа рахьи ааԥхьара ҟаиҵеит рыдгылаҩцәа Бишкек иалганы аҭынч ԥсҭазаара иаздырхынҳәырц.

Киргизиа Апарламент ахь алхрақәа шымҩаԥысызҵәҟьа аилаҩеиласрақәа ҟалеит. Заанаҵтәи аихшьаалақәа рыла азакәанԥҵаратә усбарҭахь инеираны иҟан аиҳабыратә партиақәа "Биримдик" (24,52% бжьы), "Мекеним Кыргызстан" (23,89%), иара убасгьы ацентристстәқәа "Кыргызстан" (8,73%), "Бутун Кыргызстан" (7,11%). Егьырҭ апартиақәа быжьпроцентктәи ацәаҳәа изахымсит. Урҭ аилагарақәа ыҟан ҳәа иқәгылеит.

Киргизиа уаанӡатәи ахада ирезиденциа иақәлеит - Sputnik Аҧсны
Киргизиа уаанӡатәи ахада ирезиденциа иақәлеит

Иаҵахаз апартиақәа рыдгылаҩцәа иара убри амш азы амҩадуқәеи ашҭақәеи рҿы аизара иалагеит. Урҭ руак — "Социал-демократы Кыргызстана" — ахадараҿы дыҟоуп Сеитбек Атамбаев, уаанӡатәи ахада Алмазбек Атамбаев иԥа.

Аҿагылара ҟазҵоз аиҳабыра Рыҩны иақәлеит. Уоуп Апарламенти аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭеи ахьыҟоу, уи ашьҭахь Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара аилак иақәланы ихы дақәиҭыртәит уа иаанкылаз уаанӡатәи ахада Алмазбек Атамбаев. Аиҿагыларақәа раан 900-ҩык рҟынӡа аахақәа роуит.

Хара имгақәа атәыла АКХ алхрақәа иашамызт ҳәа рыларҳәеит. Жеенбеков дақәшаҳаҭхеит алхрақәа раан абжьқәа раахәара аҭыԥ шамаз. Атәыла аԥыза-министр, Апарламент аиҳабы, областқәак ргубернаторцәа, Бишкек ахада рнапынҵақәа аанрыжьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0