Урыстәыла АШәМ аисламистцәа ргәыԥқәа ҩба аԥырхит

© Sputnik / Макс Ветров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ России. Архивное фото
ФСБ России. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоперациа ҷыдаан аисламистцәа ирымхын агранатақәа хԥа, атапанчақәа ПМ хԥа, еиуеиԥшым агәыцә змоу апатронақәа, ашәарыцага шәақь, аекстремист литература.

АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Ҟарачы-Черқьесски Даӷьысҭани жәларбжьаратә атеррористцәа ргәыԥ "Ат-Такфир Валь-Хиджра" иатәу агәыԥқәа ҩба русура ԥыркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура ҷыдақәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ҟарачы-Черқьесск, Малокарачаевтәи араиони Даӷьысҭантәи ақалақьқәа Махачкала, Каспииск, Избербаш рҿы жәларбжьаратә атеррористцәа ргәыԥ "Ат-Такфир Валь-Хиджра"* иатәу аиачеикақәа ҩба, 20-ҩык злахәыз нкылан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иаланарҵәаз аинформациа ишаҳәо ала "атакфиритцәа" арадикалтә идеологиа ауаа ирыдыргалон, иадрыԥхьалон, ауаажәларратә еилазаара азакәанқәа мап рцәыркларц рарҳәон, иара убасгьы Нхыҵ Кавказ иахьаҵанакуа атеократиатә исламтә ҳәынҭқарра – ахалифат аԥҵара рабжьыргон.

Аоперациа ҷыдаан аисламистцәа ирымхын агранатақәа хԥа, атапанчақәа ПМ хԥа, еиуеиԥшым агәыцә змоу апатронақәа, ашәарыцага шәақь, аекстремист литература.

Урыстәыла ззин ыҟам агәыԥ*

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0