Ермантәыла, Азербаиџьан, Америка Ҟарабах агуманитартә еинышәараз еилацәажәеит

© AFP 2023 / ARIS MESSINIS Армянский солдат несет свой автомат в передней линии, как войска занимают должности на 18 октября 2020 года, в ходе продолжающихся боевых действий между Арменией и Азербайджаном по поводу спорного региона
 Армянский солдат несет свой автомат в передней линии, как войска занимают должности на 18 октября 2020 года, в ходе продолжающихся боевых действий между Арменией и Азербайджаном по поводу спорного региона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа Зограб Мнацаканиани Џьеихун Баирамови ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Стивен Бигани еиԥылеит. Аиԥылара иалҵшәахеит Ашьха Ҟарабах агуманитартә еинышәара алаҳәара.

АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Ашьха Ҟарабах ахымца нкылахоит ашәахьа, жьҭаара 26 асааҭ 7.00 (8.00) рзы ҳәа аҳәоит Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа Зограб Мнацаканиани Џьеихун Баирамови ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Стивен Бигани еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿ. Аҳәамҭа рыланарҵәеит ЕАА Аҳәынҭдепартамент ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иазгәаҭоуп Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа Зограб Мнацаканиани Џьеихун Баирамови ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Стивен Бигани еиԥылеит ҳәа жьҭаара 24 рзы.

"Дара ишьақәдырӷәӷәеит ртәылақәа шазыхио 2020 жьҭаара 1 азы ЕАА ахада Дональд Трамп, Франциа ахада Еммануель Макрон, Урыстәыла ахада Владимир Путин еицыҟарҵаз аҳәамҭа шьаҭас измоу, Москва жьҭаара 10 рзы иззеиқәышаҳаҭхаз, Париж, жьҭаара 17 рзы ишьақәдырӷәӷәаз агуманитартә хымцаанкылара", - аҳәоит Аҳәынҭдепартамент адокумент аҿы.

Ахымца аанкылара амчра аиуеит жьҭаара 26, асааҭ 8.00 аҭыԥантәи аамҭала. Ари шьаҭас иазыҟалеит ОБСЕ Минсктәи агәыԥ ацхантәаҩцәеи атәылақәа рыдәныҟатә усқәа рминистрцәеи реиҿцәажәарақәа, аҳәоит аҳәамҭаҿ.

ЕАА Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео Twitter аҿы ишьақәирӷәӷәеит Ермантәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатә усқәа рминистрцәа аҭакԥхықәра рхы ишадырҵаз ахымцатә режим аанкылара аҵхагәҭанынтә.

Военный конфликт в Карабахе - Sputnik Аҧсны
Ҟарабах уахыки-ҽнаки рыла ҩынҩажәаҩык ҭахеит

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Ермантәылеи Азербаиџьаниии арратә ҭагылазаашьа рыларҳәеит. Ҟарабах адыррақәа рыла  ареспублика ауаа реиланхарҭақәа артиллериала ирылахысуан, аҳҭнықалақь Степанакертгьы налаҵаны. Урыстәыла, Еиду Аштатқәа, Франциа рхадацәа еиҿагыло атәылақәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит ахымца аанкыланы аиҿцәажәаратә процесс иалагарц.

Аганқәа аинышәара рҽазыршәеит жьҭаара 10 рзы Москва имҩаԥысуаз аконсультациақәа раан. Уахь Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа Зограб Мнацаканиани Џьеихун Баирамови яинеиԥхьеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Бақәеи Еревани еилацәажәеит жьҭаара 10 асааҭ 12:00 инаркны атҟәацәеи иҭахаз рыԥсыбаҩқәа реимдарази ахымца ныркыларц, аха иаарласны дара дара ахара рыдибаҵо иалагеит. Аҽазныкгьы аинышәараз аҽазышәара мҩаԥган жьҭаара 18 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0