Адунеиаҿ COVID-19 здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 46 миллион инархыҳәҳәеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДень города. Праздничные гулянья на площади Революции
День города. Праздничные гулянья на площади Революции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа иаадырԥшыз акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 4233 ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 2267-ҩык, зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 42-нӡа инаӡоит.

АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Адунеи аҿы акоронавирустә инфекциа ҿыц здырбалаз рзеиԥш хыԥхьаӡара 46 миллион иреиҳахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Џьонс Хопкинс ихьӡ зху ауниверситет. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ауниверситет аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи атәылақәа зегьы рҿы COVID-19 здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 46 015 562 ыҟоуп. Рыԥсҭазаара иалҵит 1 194 906-ҩык апациентцәа, COVID-19 зцәа иалаз. Згәы бзиахаз 30,7 миллионҩык инареиҳауп.

Хәажәкыра 11 рзы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара апандемиа рыланаҳәеит акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 алаҵәара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0