WhatsApp афункциа ҿыц аиуеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИконка мессенджера WhatsApp на экране смартфона
Иконка мессенджера WhatsApp на экране смартфона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусадулаҩцәа ражәақәа рыла WhatsApp ахархәаҩцәа зегьы мызкы аҩныҵҟала афункциа ҿыц рхы иадырхәо иалагоит.

АҞӘА, абҵара 5- Sputnik. Амессенџьер WhatsApp бжьымш рышьҭахь ианыҵуа адырраҭарақәа ррежим аусура иаланаргоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аилахәыра аблог адыррақәа шьаҭас иганы.

"WhatsApp адырраҭарақәа ателефонқәа рҿы ианаанхаӡо ыҟоуп. Иаҳзааигәо ауаа ирызку агәалашәарақәа акрышрыҵаркуагьы адырраҭарақәа реиҳарак  рыҵәахра иаԥсаӡам. Убри инадҳәаланы ҳара WhatsApp азы ианыҵуа адырраҭарақәа ррежим азҳархиеит»", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Арежим аус анауа адырраҭарақәа ҿыцқәагьы бжьымшы шаанҵәалак ианыҵлоит. Дарбанызаалак илшоит ичат аҿы арежим аус арура ма ақәмыргылара. Агәыԥтәқәа рҿы уи админ иҟаиҵалоит.

Аусадулаҩцәа ражәақәа рыла WhatsApp ахархәаҩцәа зегьы мызкы аҩныҵҟала афункциа ҿыц рхы иадырхәо иалагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0