Украина ахада Зеленски COVID-19 иманы ахәышәтәырҭахь днагоуп

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМюнхенская конференция по безопасности
Мюнхенская конференция по безопасности - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зеленски иофис аиҳабы Андреи Ермакгьы коронавирус иманы Украина аусқәа рҳәынҭқарратә напхгараҭара иатәу ахәышәтәырҭа "Феофаниа" дҭоуп.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Акоронавирус зыдбалоу Украина ахада Владимир Зеленски дахьышьҭоу ахәышәтәырҭаҿы ҷыдала иара изы акабинет азырхиоуп, уантәи иара аилацәажәарақәа мҩаԥигоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ахада иофис аиҳабы иабжьгаҩ Михаил Подолиак иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ашәахьаҽны Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит COVID-19 сымоуп ҳәа. Абри ашьҭахь ахада иофис аиҳабы Андреи Ермакгьы иара убас аҳәамҭа ҟаиҵеит акоронавирус шимоу азы.

"Ахәышәтәра апротокол ишарбоу еиԥш имҩаԥысуеит. Зеленскии Ермаки "Феофаниа" ргәабзиара шьақәдыргылоит. Уа ахада изы еиҿкаауп акабинет, аимадара ҷыда изықәыргылоуп", - иҳәеит Подолиак, аҭыжьымҭа "Украинская правда" аинтервиу аҭо.

Иара иажәақәа рыла, Ермакгьы хазы апалатаҿы дышьҭоуп. Зеленскии Ермаки русура астандарттә график шыҟац иҟоуп, акызаҵәык – ахалахыԥхьакра иаҵанакуеит. Дара рхаҭақәагьы ҭеллоуп ишеицәажәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0