ВОЗ COVID-19 антибиотикқәа рыла ахәышәтәра иашам ҳәа иаԥхьаӡоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСезонный рост заболеваемости гриппом и ОРВИ в России
Сезонный рост заболеваемости гриппом и ОРВИ в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус апандемиа аамҭаан амедусҳәарҭақәа рҟни хаҭалатәи ахәышәрақәеи раан антибиотик ахархәара апроблема еиҳагьы еиҳахеит.

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара агәҽанҵара ҟанаҵоит Европа ииашамкәа антибиотикқәа COVID-19 апандемиаан рхархәара урҭ рышьцыларахь икылнагоит ҳәа. Абри атәы аҳәоит ВОЗ аҟәшақәа европатәи арегион аҿы имҩаԥыргаз аҭҵаарақәа.

Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арҷелиаԥҳа COVID-19 ахәышәтәраан антибиотик ахархәаразы: аҳақьым иоуп изыӡбаша

"Антибиотикқәа COVID-19 еиԥшу аинфекциақәа шамхәышәтәуагьы иҟаҵаз аҭҵаарақәа иадырбеит европатәи арегион азонақәеи атәылақәа жәбеи рҿы урҭ рыхрархәара ишазҳауаз авирус змоу рхыԥхьаӡара иазҳацыԥхьаӡа", - ҳәа аҳәоит ВОЗ европатәи абиуро аҳәамҭа, аиҿкаара асаит аҿы ахашаҽны икьыԥхьыз.

Аҭҵаарақәа иаадырԥшит 96% антибиотик здызкылоз ауаа COVID-19 рымаӡамызт, аха ахәшә рыжәуан.

Ахәышәтәырҭахь инанагаз рыбжьарагьы 15% апациентцәа ракәын антибиотик зыхәҭаз, урҭ абактериалтә инфекциақәа ахьрымаз азы аха 75% ирырҭон.

Иазгәаҭоуп антибиотикқәа, цефалоспорин ацәаҳәа еиуоу рымч ыӡыр ҟалоит Европа амедусҳәарҭақәа рҟны COVID-19 апандемиаамҭаан дара рыла авирус ахәышәтәра рҽахьазыршәоз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0