Урыстәыла аминаҿагыларатә центр аҟазауаа Ҟарабахҟа амҩа иқәлеит

© Sputnik / Арам Нерсесян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрыто движение по Лачинскому коридору
Открыто движение по Лачинскому коридору  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еревантәи аҳаиртә баӷәазақәа рахь инагоуп шәҩык инареиҳаны аруааи жәаха ак арратә техника ҷыдеи, амина ыҵызхуа аробототехникатә комплексқәеи "Уран-6", акәылӡы транспортиорқәеи акәылӡы машьынақәеи налаҵаны.

АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аминаҿагыларатә центр аҟазауаа Ҟарабахҟа асапиортә усурақәа рымҩаԥгаразы амҩа иқәлеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Нагорный Карабах во время обострения конфликта - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Ҟарабах аҭагылазаашьа иалацәажәеит

"Аҳаир-космостә мчқәа рырра-транспорт авиациа аҳаирпланқәа Ан-124, Ил-76, Ту-154 Москва амҵатәи Чкаловтәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә Ереванҟа инаргеит аҟазауаа,  атехника, абџьар, амаҵзуратә минаԥшааҩцәа лақәа аҭынчреиҿкааратә зонаҿы рнапынҵақәа рынагӡаразы", - аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭаҿы.

Аруааи атехникеи амаршрут Ереван – Горис – Степанакерт ала имҩаԥгахоит.

Аҟазауаа анџьныртә ԥшыхәра, аминақәа рыҵхра, иԥжәо амаҭәарқәа реиҵыхра мҩаԥыргоит Ҟарабах араионқәа рҿы.

Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит  Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.

Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0