Азербаиџьан Ҟарабах иҭахаз рхыԥхьаӡара иалацәажәеит

© Foto / Министерство обороны АзербайджанаОбострение ситуации вокруг Нагорного Карабаха
Обострение ситуации вокруг Нагорного Карабаха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аимак аганқәа изныкымкәа рҽазыршәеит аинышәара аха хра зауз абҵара 10 азтәи х-ганктәи аиқәшаҳаҭра акәхеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3– Sputnik. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра ирыланаҳәеит Ҟарабах ишҭахаз 2783-ҩык аррамаҵзурауаа, шәҩык инарзынаԥшуа хабарда  ишыбжьаӡу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахеит 2783-ҩык аруаа. 103-ҩык рхаҭара шьақәыргылоуп ДНК анализ ала. Шәҩык инарзынаԥшуа хабарда ибжьаӡит. Урҭ ахьыҟоу ашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Иахьатәи аамҭазы 1245-ҩык аррамаҵзурауаа ахәышәтәра иахысуеит", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан.

Отправка миротворцев в Нагорный Карабах - Sputnik Аҧсны
Ермантәылаҟа 20 ҳаирплан неит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рыманы

Убас, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.

Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоит.

Азербаиџьан аиқәшаҳаҭра Ермантәыла  акапитулиациа ауп ҳәа ахырҳәааит. Атәыла ахада Ильхам Алиев  иазгәеиҭеит адокумент атәылаз феидара шамоу.  Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан  иҳәеит  аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акырӡа ишицәыцәгьаз. Абри ашьҭахь Ермантәыла аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0