Амшныҳәақәа раан Шәача афедералтә мҩақәа рҿы аԥкрақәа аԥыхуп

© Foto / Пресс-служба администрации Краснодарского краяПротяженность новой трассы Джубга-Сочи составит 119 километров
Протяженность новой трассы Джубга-Сочи составит 119 километров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭала амҩанысра ҟалоит ԥшьцәаҳәактәи аштаттә схемала - хырхарҭацыԥхьаӡа ҩба-ҩбала инеиуа, аремонтҟаҵара иалагаанӡа ишыҟаз аиԥш.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 28 ауха инаркны аныҳәамшқәа хыркәшахаанӡа Шәача афедералтә мҩақәа рҿы аԥкырақәеи ареверсқәеи аԥыхуп. Аамҭала амҩанысра ҟалоит ԥшьцәаҳәактәи аштаттә схемала - хырхарҭацыԥхьаӡа ҩба-ҩбала инеиуа, аремонтҟаҵара иалагаанӡа ишыҟаз аиԥш ҳәа аанацҳауеит Афедералтә автомҩақәа Русбарҭа "Черноморье".

Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Кисловодскынтәи Гаграҟа: аретро-дәыӷба "Шәача" амаршрут ҿыц ала аныҟәара иалагоит

Ари алшеит раԥхьа иргыланы автомҩа Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра автомабилтә мҩа 191-тәи акилометр аҟны ацҳа шьаҭанкылатәи аремонт актәи аетап ахьхыркәшахази аплиаж "Красный штурм" иахьаҵанакуа иԥсабаратәым арымарахьтәи аҭӡы аремонт ахьымҩаԥгахази инарымаданы.

Ԥхынҷкәын 28 инаркны аамҭала шьаҭанкылатәи аремонт аҩбатәи аетап ахь аиасраз аусурақәа раанкылара рыдкылан аныҳәамшқәа раамҭазы аныҟәара арманшәаларазы. Аусурақәа еиҭарылагоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы.

"Ақалақьтә плиаж "Красный штурм" араион аҿы аусурақәа хыркәшахоит лаҵара 31 2021 шықәсазы", – иҳәеит Афедералтә автомҩақәа Русбарҭа "Черноморье" автомҩақәа рремонти рыҿиареи рыҟәша аиҳабы Сергеи Лысков.

Иара убасгьы Шәача иахьаҵанакуа аныҳәамшқәа раан иаԥыххоит Лазаревск аҳабла 106-тәи акилометри, араион маҷ Лоо 155-тәи акиломмметри, Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра автомобилтә мҩа 143-тәи акилометр рҟны аныҟәарақәа рреверсивтә схемақәа.

Аусурақәа еиҭарылагоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0