Садыр Жапаров Киргизиа ахада иалхрақәа рҿы аԥыжәара имоуп

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредвыборная агитация в Бишкеке
Предвыборная агитация в Бишкеке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кыргызстан ахада иалхрақәа мҩаԥысит ажьырныҳәа 10 рзы. Аамҭак ала имҩаԥган ареферендум атәыла анапхгара аформа ашьақәыргыларазы.

АҞӘА, ажьырныҳәа  11  - Sputnik. Садыр Жапаров Киргизиа ахада иалхраҿы аԥхьагылара имоуп, алхыҩцәа 84,16% рыбжьы ирҭеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Кыргызстан асаит атәыла АКХ адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Жапаров дидныҳәалеит.

Ахадаразы иқәгылан 17-ҩык акандидатцәа: Садыр Жапаров, Канатбек Исаев, Мыктыбек Арстанбек, Клара Сооронкулова, Имамидин Ташов, Абдил Сегизбаев, Адахан Мадумаров, Аимен Касенов, Улукбек Кочкоров, Женишбек Баигуттиев, Ельдар Абакиров, Курсан Асанов, Арстанбек Абдылдаев, Равшан Джеенбеков, Бактыбек Калмаматов, Бабыржан Тольбаев, Каныбек Иманалиев.

Аамҭак ала имҩаԥган ареферендум атәыла анапхгара аформа ашьақәыргыларазы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла 80% атәылауаа ахада инапхгараҭара аԥыжәара арҭеит.

2020 шықәса жьҭаарамзазы Киргизиа апарламенттә алхрақәа ирхырҟьаны аилаҩеиласра ҟалеит. Атәыла ахада Сооронбаи Жеенбеков ԥхьатәара дцеит.

Уи инапынҵақәа рынагӡара далагеит Жапаров. Абҵарамзазы алхрақәа рылахәхаразы инапынҵақәа аанижьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0