Ҟрымаа акурорттә сезон алшарақәа рымаӡа иалацәажәеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Ялта
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгьылбжьахаҿы 2021 шықәса аԥхынратә сезон аҽазыҟаҵара нап аларкхьеит, ахырхарҭа ҿыцқәа ирықәгәыӷәуеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Сынтәа апроект ҿыцқәа жәпакы аус рыдулахоит, аиҳарак аԥсабараҿтәи аԥсшьарақәа – акемпингқәа, автокемпингқәа, аекоотельқәа, аекоқыҭақәа, амодультә отельқәа, аекомаршрутқәа. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ареспублика акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченко.

Вид на Пицунду - Sputnik Аҧсны
Аԥсны урыстәылаа реиҳа иргәаԥхо аҭыԥқәа ирыҵанакит

"Проектқәак аҟәарақәа реиӷьтәра иазырхоуп, зылшара ԥку ауаа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа рзаԥҵахоит. Апланқәа ҳамоуп 2021 шықәсазы иҟалар зылшо ахҭысқәа ирықәшәо атуризм амҩаԥгаразы, аха макьаназы зегь рылацәажәара ишаԥсам еилаҳкаауеит", - иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла сынтәатәи ашықәс атренд хадақәа иреиуахоит агәырзҩыдареи ареабилитациеи.

Волченко иажәақәа рыла, традициала, Ҟрым аԥсыԥлагаҩагаратә чмазарақәа рыхәышәтәра иахьымҩаԥырго ҭыԥуп.

"Иааидкыланы арегион аҿы иҟоуп инарҭбаау ахәышәтәратә база бзиа. Уи иахьа актуалра амоуп, апандемиа аамҭа аан", - иҳәоит ачынуаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0