Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа амҩаду аҿы архынҳәыгақәа аларгалоит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчасток федеральной трассы А-155 после реконструкции
Участок федеральной трассы А-155 после реконструкции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автотранспорт аныҟәара еиҭакхоит амҩаду А-147 Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа аҟны ашьаҟамҩатә ииасырҭа аргылара иахьалаго азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19– Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа автотранспорт архынҳәратә ныҟәара алагалахоит Шәачантәи Аԥсны аҳәаахь иаауа амҩадуаҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит ФКУ Упрдор "Черноморье".

Архынҳәра аҭыԥ аиуеит амҩаду А-147 Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа, аиланхарҭа Лоо аҟны ажьырныҳәа 19 асааҭ 23:00 инаркны ажьырныҳәа 20 асааҭ 23:00 рҟынӡа.

Архынҳәратә ныҟәара аҭыԥқәа асветофор ала иҭышәныртәалахоит.

Акурорт Шәача иахьаҵанакуаз аныҳәамшқәа раан иаԥыхын архынҳәыгақәа, аиланхарҭа Лазаревское 106-тәи акилометр аҿы, аиланхарҭа Лоо 155-тәи акилометр аҿы, амҩаду А-147 Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа аҿы.

Аусурақәа еиҭахацдыркит ажьырныҳәа 12, 2021 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0