Аҵарауаа ирҳәеит COVID-19 иахҟьаны еиҳарак ахацәа зыԥсуа

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение пациентов с COVID-19 в Волгограде
Лечение пациентов с COVID-19 в Волгограде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахацәа, 60 шықәса ианырҭыслак ашьҭахь еиҳа аԥхьанатәтәи риммунатә ҭак рцәыӡуа иалагоит, акоронавирус аан уи ауадаҩрақәеи аԥсыҭбарақәеи рахь икылнагоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Иельтәи ауниверситет аҵарауаа аҭҵаарақәа мҩаԥыргеит, иагьышьақәдыргылеит ахацәа акоронавирустә инфекциа аан 1,7 еиҳа еиҳаны ишыԥсу. Аҭҵаамҭа алкаақәа ркьыԥхьит Science аҿы.

COVID-19 аан аиҳарак ауадаҩрақәа цәырызго ҳәа иԥхьаӡоуп агармонқәа. Аԥҳәыс лцәеижь аҿы аестроген ACE2 арецептор аблокада азнауеит. Иароуп SARA-CoV-2 ацәеижь ахь изланеиуа "гәашәны" иамоу. Ахаҵа игармон андроген усеиԥш азыҟаҵом.

Иара убасгьы аҳәса рзы ихроуп Х-хромосомақәа ҩба рымазаара. Аҵарауаа ргәаанагарала зны-зынла уи хәарҭоуп аиммунатә система арцыхцыхразы заа аҿкы аарԥшразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0