Алаҵа "Спутник V" акьыбачымазара змоу ишырныруа атәы ҭырҵаауеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота прививочного пункта по вакцинации от COVID-19
Работа прививочного пункта по вакцинации от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа акьыбачымазара змоу ишырныруа атәы макьаназы адунеи аҿы тәылак аҟны иҭырымҵаацт.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Алаҵа "Спутник V" акьыбачымазара змоу апациентцәа ишырныруа аҭҵаара иалагараны иҟоуп Урыстәыла мызки бжаки рыҩнуҵҟала ҳәа иҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аштатнҭыҵтә онколог Андреи Каприн арадиостанциа "Говорит Москва" аефир аҟны.

Уажәы аҭҵаара иалахәхо ачымазцәа реидкылара иаҿуп, иазыԥхьагәаҭоуп аҭҵаарақәа рымҩаԥысшьа аԥҟара.

Уаанӡа адырра ҟаҵан алаҵа "Спутник V" зхаҭашьа бааԥсу ачыра змоу апациентцәа ианырзыҟарҵо агәҽанызаара ду аадырԥшыроуп, избанзар иара ачымазара ианаҭар иалшо анырра макьаназ ишьақәыргылам ҳәа. Убри аан акьыбачымазара змоу рзыҟаҵара алшоит.

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Массала ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара Урыстәыла иалагеит ԥхынҷкәынмза алагамҭазы.

Вакцинация от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2021
Алаҵа "Спутник V" абжьгарақәа рҿы агәҽанҵара ҿыц арбоуп

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. "Спутник V" алаҵаҟаҵара иазԥхьагәанаҭоит ҩ-компонентк ралагалара, хымчыбжь-хымчыбжь рыбжьаҵаны. "Спутник V" хра амоуп 90 процент, алаҵа иныҭкааны аҿагылара мҩаԥнагоит.

"Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭеи жәабран алагамҭеи рзы ҳәа ателеканал RT иазеиҭеиҳәеит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа. Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиук аҟны атәыла ахада иҳәеит ареспублика ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара иалагараны ишыҟоу.

Уаанӡа 2020 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны аҳәара ҟанаҵеит "Спутник-V" 20 нызқь доза Аԥсныҟа иаашьҭызарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0