Медведев Ҟарабах аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы: Ҭырқәтәылагьы алархәтәуп

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаместитель председателя Совбеза РФ Д. Медведев дал интервью российским СМИ
Заместитель председателя Совбеза РФ Д. Медведев дал интервью российским СМИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза анҵәамҭазы Ашьха Ҟарабах аибашьра еиҭалагеит. Ҩымз рышьҭахь ауп ианалыршаха х-ганктәи аиқәшаҳаҭрала ахымца аанкылара.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Ҟарабах аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Ҭырқәтәылагьы аилацәажәара иалархәтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Ҭырқәтәыла – ҳгәыларатә ҳәынҭқарроуп, иаҳзааигәоу партниоруп. Иара убасгьы Азербаиџьан иазааигәоу тәылоуп. Ари афактор аганахь аважьра аҭахым",- иҳәеит иара урыстәылатәи ажурналистцәа аинтервиу анриҭоз, Ҟарабах Ҭырқәтәыла ароль азы азҵаара аҭак ҟаҵо.

Медведев иҳәеит Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа адиалог бзиа рыбжьоуп ҳәа. Ажьырныҳәа 30 рзы аиланхарҭа Киамаддинли аҟны 2020 шықәса абҵара 11 рзы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ртәылахьчаратә министррақәа рнапы зҵарҩыз амеморандум инақәыршәаны иаартуп Ашьха Ҟарабахтәи аимак азонаҿы аицхылаԥшразы аурыс-аҭырқәа центр.

Встреча глав МИД РФ и  Уругвая С. Лаврова и Ф. Бустильо - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2021
ЕАА алхрақәа, Ҟарабах, Киев аҳәахьа: Сергеи Лавров ипресс-конференциа

"Аригьы азеиԥш ҭышәныртәалара иахәҭоуп. Ари ахаратә политикак аиԥш ахәшьара асҭом, аха арегион аҿы иахьазы иҟоу ҭагылазаашьак аҳасаб ала азхьаԥшра аҭахуп. Ус анакәха иахьазы азҵаара аӡбара Ҭырқәтәылатәи ҳпартниорцәагьы алахәызароуп",- азгәеиҭеит Медведев.

Ҟарабах астатус ӡбам, аха уи ԥхьаҟа излацәажәатәу ауп, иахьазы изаауп ҳәа иҳәеит Дмитри Медведев.

1991 шықәсазы Ашьха Ҟарабах Азербаиџьан аҟынтәи ахьыԥшымра рыланаҳәеит. Бақәа акәзар иара иузаҟәымыҭхо хәҭакны иаԥхьаӡоит Ҟарабах. Ермантәыла акәзар, арегион аҿы ахалахатәҳәаақәҵара азин иадгылаҩуп. Иара Ашьха Ҟарабах акәзар Азербаиџьан алахәра зынӡагьы иаднакылом.

"Иахьазы астатус азҵаар аӡбра амам, иҟоу аҭагылазаашьала уи алацәажәара заауп, ишәарҭоуп, еицәоу ахь икылнагар алшоит. Аганқәа ирҳәо зынӡа ихазхазуп. Иара Ермантәыла аҩныҵҟаҵәҟьа аимак-аиҿак амоуп",- иҳәеит иара.

1988 шықәсазы зхы зкыз ҟарабахтәи аимак ахы еиҭацәырнагеит 2020 шықәса цәыббрамзазы. Ҩымз рыҩныҵҟа аганқәа аинышәара акырынтә рҽазыршәахьан, аха алҵшәа зауз абҵара 10 рзы имҩаԥгаз х-ганктәи аиқәшаҳаҭра акәхеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ашьха Ҟарабах урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рзы аиланхарҭа маҷ дыргылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0