Аԥснытәи аномерқәа змоу амашьынақәа рыԥшәмацәа Бишкек амитинг еиҿыркааит

© Sputnik / Эркин Садыков В центре Бишкека митингуют владельцы машин с абхазскими номерами
В центре Бишкека митингуют владельцы машин с абхазскими номерами - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Кырӷызсҭан ареидқәа мҩаԥыргоит закәаншьаҭада атәылахь иалагаланы ахархәара зырҭо амашьынақәа раарԥшразы. Урҭ нас ахараԥсатә ргыларҭаҿы идыргылоит.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Бишкек ақалақь агәаны Аԥснытәи аномерқәа змоу амашьынақәа рыԥшәмацәа Бишкек амитинг еиҿыркааит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Кырӷызсҭан.

Амашьынақәа зтәу аиҳабыра рахь адҵа ҟарҵоит арҭ автомашьынақәа ашәҟәы рҭагалара азҵаара рыӡбарц. Дара ирҳәоит уаанӡа арҭ амашьынақәа раахәара ҟалом ҳәа аӡәгьы агәҽанҵара шыҟаимҵацыз.

Кырӷызсҭан аҳазалхратә маҵзура уаанӡа адырра ҟанаҵахьан арҭ амашьынақәа уахь инаган ЕАЕС аҵакыраҿы атранспорттә хархәагақәа рыла аамҭала аныҟәараз аԥҟарра еилаганы, аекономикатә еидгыла аҳазалхратә закәанԥҵара иқәныҟәамкәа ҳәа. Амашьынақәа ахараԥсатә ҭыԥ аҿы идыргылоит.

Автомобильные номера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Аԥснытәи аномерқәа зықәгылаз жәа-машьынак Кырӷызсҭан ахараԥсаргыларҭахь инаргеит

50-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра атәыла ахада Садыр Жапаров иахь ааԥхьара ҟарҵеит Кырӷызсҭан иаларгалахьоу амашьынақәа азакәаншьаҭа рыҭатәуп ҳәа.

"Аҳазалхырҭа арҭ амашьынақәа аҳәаа иахрыжьуеит. Акредитқәа аагеит, ҳҭаацәа рыланыҟәаҳгоит. Аханатә арҭ рҩызцәа амашьынақәа ралагалара азин ыҟамзар иҳарҳәандаз. Хышықәса ирықәуп Аԥсны аномерқәа змоу амашьынақәа арахь иааргоижьҭеи. Аус ӡбрак ашәҭароуп", - ҳәа иҳәеит амитинг иалахәыз руаӡәк, Сокумамбет Осмонов.

Дара уажәы Аиҳабыра рыҩнахьы инеирц рыӡбеит. Уоуп иахьыҟоу атәыла ахада Иусбарҭагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0