Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрраҿы иазгәарҭеит ЕАА асанкциақәа анырра бзиа шыҟарҵаз

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг Соединенных Штатов Америки.
Флаг Соединенных Штатов Америки. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Америкатәи асанкциақәа Вашингтон хәарҭара азалымхит, аха урыстәылатәи анаплакқәа рзы ихәарҭахеит, ҳәа рҳәоит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Америка Урыстәыла аганахьала иаланагалаз асанкциа ҿыцқәа аимпорт аҭыԥантәи аалыҵ ала аԥсахразы ихәарҭоуп, аҭыԥантәи анаплакқәа русуразгьы феидара алоуп, ҳәа рҳәеит Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрраҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Здания генконсульств США - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2020
ЕАА Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа ирыцнаҵоит

Вашингтон хәажәкыра 18 инаркны абџьар аекспорт аимпорти ахьыҟамло атәылақәа рсиа Урыстәылагьы аҵанаркит. ЕАА ахәаахәҭратә санкциақәа ирыҵаркуеит амилаҭтә шәарҭадара еиҿызкаауа аекспорт, авиациеи акосмоси ирыҵанакуа ҷыдарақәак рыҿҳәара цәыббра 1 аҟынӡа иацҵоуп. ЕАА ахәаахәҭра аминистрраҟны ишырҳәаз ала, аекспорттә ԥкыра алагалоуп Урыстәыла ахимиатә бџьар ахы ианархәоит ҳәа иҟоу адыррақәеи, Алексеи Навальныи иаанкылара иадҳәалани иалагалоу аԥкрақәеи рҳәаагақәа иҭагӡаны.

"Америкатәи асанкциа ҿыцқәа ҳтехнологиатә ҳақәа ирылыркуеит аимпорт, ус анакәха ҳнаплакқәа русура хра аманы ирныруеит. Аимпорт иахаҳшәаауаз аԥара атәыла аҩныҵҟа иаанхоит, аулафахәы, атехнологиатә ҿиарақәа рызшәара иазырхахоит", - рҳәоит аусбарҭаҿы.

Аминистрра имҩаԥнагоит арадиоелектронтә ааглыхраҿы аимпорт ԥсахраз ауснагӡатәқәа, атәылаҿтәи ааглыхыҩцәа ацхыраара рнаҭоит иманшәалоу аинвистициатә ҭагылазаашьала, аԥаразоужьрала.

"Иахьатәи аамҭазы арадиоелектроника аџьармыкьа ЕАА аҟынтәи атехнологиақәа рымацара рыла акәӡам излашьақәгыло. Егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы аалыҵ ҳауеит", - рҳәоит апресс-маҵзураҿы. Иагьазгәарҭоит, асанкциақәа егьырҭ атәылақәа СССР ақәыӷәӷәаразы имҩаԥыргон, аха лҵшәа рымамызт ҳәа.

Урыстәылатәи анаплакқәа рганахь ала асанкциақәа ралагалара алзмыршо ракәны иҟоуп, урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы авиациааглыхратә наплакқәа рҿы аимпорт иныҭкааны изыԥсахуа апрограммақәа русура.

"98% аҳаирпланқәа урыстәылатәхоит. МС-21 раԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит урыстәылатәи ахәҭа ПД-14 аманы", - рҳәоит амаҵзураҿы.

Аминистрраҿы иазгәарҭеит асанкциақәа ирыхҟьаны урыстәылатәи аекономика иаиуа ааха рыҭҵаара шымҩаԥырго 2014 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0