Урыстәыла Британиа Амшын еиқәаҿы аҽарҭбааразы агәы иҭоу апланқәа ахәшьара рнаҭеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосударственная Дума РФ
Государственная Дума РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Британиа Ду Амшын еиқәаҿи Балтикаҿи аҽарҭбаара шаҭаху аныԥшит ааигәа икьыԥхьу атәыла арратә мчрақәа рмодернизациа астратегиа.

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Британиа Ду Амшын еиқәаҿи Балтикаҿи аҽарҭбаара ахьаҭаху аҭагылазаашьа иаанарԥшуеит Лондон аҽыхьчара акәымкәа, аекспансиа шаҭаху. Уи иаанаго анеоколониалтә политика амҩаԥгароуп ҳәа лҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Аҳәынҭдума адепутат Елена Панина.

Британиа Ду Амшын еиқәаҿи Балтикаҿи аҽарҭбаара шаҭаху аныԥшит ааигәа икьыԥхьу атәыла арратә мчрақәа рмодернизациа астратегиа.

"Лондон аҽыхьчара акәым иаҭаху, аекспансиоуп. Британиа Евроеидгыла ианалҵ, адәныҟатә политикеи арратә стратегиеи мҽыӷхеит уаанӡа аасҭа. Иубартә иҟоуп ишагәҭаку анеоколониалтә политика аиҭарҿиара, уаанӡа алаԥш зхыз Арктика, Аҩадатәи амшынтә мҩа реиԥш иҟоу аҭыԥқәа реиҭампыҵахалара цәгьа ишамбо", - ҳәа лҳәеит Панина.

Апарламентари илҳәеит "аглобалисттә финанстә мчқәа Британиа амилитаристтә ҟазшьа аиура ишазгәыҳәуа".

"Аха британиатәи ВВП акаҳара арҭ агәҭакқәа алнаршом. Британиатәи алым зҵарҵо аидара хьанҭа изаҵымҵыр алшоит", - ҳәа лҳәеит Панина.

Ажәабжьқәа зегьы
0