Даӷьысҭан иаарԥшын ԥаршеирыла "ан лмал" 20 миллион мааҭ зтәызтәыз

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России
Уничтожение старых банкнот в Банке России - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса раахыс актәи ахшара изы "ан лмал" 483 882 мааҭ ыҟоуп, аҩбатәи изы - 639 432 мааҭ.

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Даӷьысҭантәи азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иаадырԥшит ацәгьоуцәа ргәыԥ - аԥаршеи шәҟәқәеи аршаҳаҭгақәеи рхархәарала 20 миллион инеиҳаны "ан лмал" зӷьычыз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АШәМ Даӷьысҭантәи Аусбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Азинхьчаратә усбарҭақәеи Даӷьысҭан Атәанчахәытә фонди иаадырԥшит ацәгьоуцәа ргәыԥ, аԥаршеи шәҟәқәеи аиразы аршаҳаҭгақәеи рхархәарала 20 миллион инеиҳаны "ан лмал" зӷьычыз" аҳәоит адырраҭараҿы.

Еизгоу аматериалқәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ашьаус хацыркуп.

Урыстәыла 2021 шықәса раахыс актәи ахшара изы "ан лмал" 483 882 мааҭ ыҟоуп, аҩбатәи изы —639 432 мааҭ. Арҭ аԥарақәа рныхра ҟалоит анхара аахәара ма аргыларазы, аҵаразы, ан лтәанчахәазы, ахәыҷқәа-хымхәацәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0