Цхинвал Қырҭтәыла алаҵаҟаҵараҿ ацхыраараз аҳәамҭа амҵақьақьароуп ҳәа ахырҳәааит

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаг Южной Осетии
Флаг Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра AstraZeneca, Pfizer рыла алаҵаҟаҵараҿы рыцхраара ишазыхиоу ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵараҿ ацхыраараз аҳәамҭа амҵақьақьароуп ҳәа ахырҳәааит, иазгәарҭеит апанлемиа аҭагылазаашьа хылаԥшра шамоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Аԥсны алаҵаҟаҵаразы Қырҭтәыла ацхыраара мап ацәнакит

Қырҭтәыла анапхгара аҩаша Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра AstraZeneca, Pfizer рыла алаҵаҟаҵараҿы рыцхраара ишазыхиоу ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит. Ақырҭуа напхгара изаамҭанытәиу рыхӡыргаратә акциоуп ҳәа ахырҳәааит ари аҳәамҭа Аԥсны ахада Иусбарҭаҿгьы.

"Ари аԥшьгамҭа Аахыҵ Уаԥстәыла ирзымбатәбароуп. Қырҭтәыла анапхгара Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ргәабзиара хьаас иахьыркуа оумашәа иубартә иҟоуп. Амцҳәара иазхазааит", - рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.

Адокумент аҿы иазгәаҭоуп, иара убасгьы COVID-19 ареспубликаҿы ахылаԥшра шаҭоу, ареспублика ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы иахәҭоу зегь шыҟаҵо, Аахыҵ Уаԥстәыла ари аганахь ала проблема шамам.

"30 шықәса ирықәуп Аахыҵ Уаԥстәыла ихьыԥшым, зых иақәиҭу ҳәынҭқарраны иҟоижьҭеи. Абри аамҭа зегьы агәыларатә ҳәынҭқарра иарбанызаалак ӡбарак ҳадгьылҵакыраҿы зинтәмчрак аманы иҟам", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Ареспубликахь урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аарышьҭраны иҟоуп 2021 шықәса хәажәкырамзазы. Иара убри аамҭазы алаҵа Аԥсныҟагьы иааргараны иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0