Гинцбург Евроеидгыла ахатә џьармыкьахь "Спутник V" анеира изаԥырхагоу атәы иҳәеит

© Sputnik / Густаво Вальенте / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Испании
Вакцинация от коронавируса в Испании - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" хәажәкыра алагамҭа аахыс ахәшәқәа рзы Европатәи амаҵзураҿы аекспертизатә процедура ахыжьра иаҿуп.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Евроеидгыла ахатә џьармыкьахь коммерциатә аалыҵк аҳасаб ала "Спутник V" анеира рацәак иаҭахым, урыстәылатәи алаҵа европатәи алаҵақәа ираԥнагар ҳәа ашәара ыҟоуп азы, абас иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рзы Ацентр адиректор Александр Гинцбург РИА Новости аинтервиу аҭо.

"Евроеидгыла "Спутник V" аџьармыкьахь анеира иеигәырӷьом, уа иҟоу аалыҵқәа ираԥнагар ҳәа ашәара аманы", - иҳәеит иара.

Евроеидгыла урыстәылатәи алаҵа адискредитациа азура агәҭакуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟаԥшыхәратә маҵзура. Ус шакәу аанарԥшуеит ааигәа ЕЕ аҩныҵҟатә џьармыкьаҿ аеврокомиссар Терри Бретон "Евроеидгыла зықьҩыла ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара ишҭагылоугьы урыстәылатәи алаҵа адкылара ҟалашьа амам" ҳәа илҳәаз.

Производство вакцины Sputnik V в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, иаԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" хәажәкыра алагамҭа аахыс ахәшәқәа рзы Европатәи амаҵзураҿы аекспертизатә процедура ахыжьра иаҿуп.

АИХқәа рдыррақәа рыла лаҵарамзазы алаҵа европатәи аџьармыкьақәа рылагалара иазыразхап ҳәа иԥшуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0