Урыстәыла аветеранцәа рыҳаҭыр аларҟәразы хәышықәса аҭакра рықәырҵоит

© Sputnik / Asatur Yesayants / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВетераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване
Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рыҳаҭыр аларҟәразы азакәанԥҵара инақәыршәаны ашьҭазаара рымамызт.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин азакәан инапы аҵеиҩит, уи ала анацизм ареабилитациеи аветеранцәа рыҳаҭыр аларҟәреи рзы хәышықәса аҭакра азыԥхьагәаҭоуп.

Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

Уажәшьҭарнахыс Аҩбатәи адунеизегьтә еибашьраан СССР азы имцу аинформациа аларҵәареи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы ацәаԥҽыгажәа аҳәареи рзы абарҭ ахьырхәрақәа азыԥхьагәаҭоуп:

  • х-миллион мааҭ рҟынӡа ахараԥса, ма хышықәсатәи аулафахәы ахышәаҵышәала;
  • хышықәсанӡа мчыла аус рырура;
  • хышықәса ахақәиҭра алхәыдатәра.

Аумҭа амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахы иархәаны имҩаԥгазар, ма хаҿқәак ргәыԥ заанаҵтәи еилацәажәарала имҩаԥыргазар, ма АИХқәеи интернети рхы иадырхәазар ахьырхәра еиҳа ирӷәӷәахоит:

  • ахараԥса хә-миллионк рҟынӡа ихагалазар ҟалоит, ма шықәсык инаркны хәышықәсанӡатәи аулафахәы ахышәаҵышәала ахараԥса дыршәазар ауеит;
  • мчылатәи аусурақәагьы рыҿҳәара хәышықәсанӡа иацҵахоит;
  • иреиҳау ахақәиҭралхәыдатәратә ҿҳәарагьы хәышықәса шьақәнаргылоит.

Уи адагьы ахара зхароу амаҵзурақәа раанкыларазы азин имырхыр алшоит иԥҵәоу аамҭак арбаны.

Иара убасгьы азакәан иҳәаақәнаҵоит Урыстәыла аҳаҭыртә рыцхәқәеи арратә ҳаҭыри иаахтны илазырҟәуа аҳәамҭақәа рыҟаҵарази Урыстәыла арратә мчқәа рсимволқәа рцәаԥҽреи, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иаҳаҭыр аларҟәреи рзы ахьырхәра.

Арҭ аумҭақәа рзы иазыԥхьагәаҭоуп:

  • х-миллион мааҭ ахараԥса, ма хышықәсатәи аулафахәы ахышәаҵышәала;
  • 360 сааҭ хымԥадатәи аусурақәа;
  • шықәсыкынӡа ариашаратә усурақәа;
  • хышықәсанӡа ариашаратә усурақәа;
  • хышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.

Еиҳа ихьанҭоу аҭагылазаашьақәа рзы ахьырхәрагьы еиҳа ируадаҩхоит:

  • иреиҳау ахараԥса хә-миллионк рҟынӡа ихагалахоит;
  • иреиҳау ахақәиҭра алхәыдаратә аамҭа хәышықәса рҟынӡа ишьҭыххоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0