Лавров: Москва Анкара агәаҽаннаҵоит Киев аибашьразы иамоу агәаҳәара амырцыхцыхырц

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит главы МИД РФ С. Лаврова в Китай
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Китай - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Украина ахада Владимир Зеленски Ҭырқәтәыла даҭаан дыҟан мшаԥы 10 рзы. Аицәажәарақәа анхыркәшаха Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәылеи Украинеи абџьартә ааглыхра аусхк аҟны русеицура ахԥатәи атәылақәа ирҿагылом ҳәа.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Москва Анкареи егьырҭ аҳҭнықалақьқәеи ргәырҽаннаҵоит амилитаристтә гәаҳәара змоу Киев аибашьратә гәаҳәара дмырцыхцыхырц ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иаҳныруа, ҳазныруа атәылақәа зегьы, Ҭырқәтәылагьы урҭ ирылоуп, аҭакԥхықәра аарԥшны киевтәи арежим аибашьратә гәаҳәара иадымгылаларц абжьгара ҟаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит Лавров египеттәи иколлега Самех Шукрии иареи реицәажәараан.

Абас ала Украина ахада Владимир Зеленски Ҭырқәтәыла иаҭаара ашьҭахьтәи аимак-аиҿак – украинатәи аган абџьар иаанахәо иаанамхәо азы азҵаара аминистр ахҳәаа аиҭеит.

Аицәажәарақәа анхыркәшаха ашьҭахь Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәылеи Украинеи абџьартә ааглыхра аусхк аҟны русеицура ахԥатәи атәылақәа ирҿагылом ҳәа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Украина аԥырҩы дызмам аҭырқәа ԥрыгақәа Bayraktar аанахәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0