Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара ԥкхоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрибытие рейса из Анталии в Казань
Прибытие рейса из Анталии в Казань - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза алагамҭазы Ҭырқәтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шәарҭоуп ҳәа ишьоуп акоронавирус акыр аҽахьарҭбааз иахҟьаны.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова ишьақәлырӷәӷәеит Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара шыԥкхо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥкырақәа ирыҵаркуеит ачартертәқәа реиԥш мшаԥы 15 инаркны рашәара 1 аҟынӡа иазыԥхьагәаҭаз еиԥымҟьарадатәи ареисқәагьы. Аӡбра рыдыркылеит Ҭырқәтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхаразы. Атуроператорцәа ирабжьгоуп аамҭала апутиовкақәа рыҭира аанкылазарц.

Стамбул  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Урыстәыла Ҭырқәтәылаҟа ачартертә реисқәа ааннакылоит

Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова лажәақәа рыла акоронавирус зманы аԥсшьараҟынтә ихынҳәуа реиҳараҩык Ҭырқәтәылантәи шакәу иахьынтәаауа, зҽеиҭазкуа аштаммқәагьы реиҳараҩык уахьынтә ишаарго.

Иара убасгьы аоперштаб аҳаиртә еимадара аанкылазарц абжьгара азыҟанаҵеит — Танзаниа. Уахь ацара ргәы иҭан ф-нызқьҩык рҟынӡа урыстәылаа. Роспотребнадзор аҳәамҭала Танзаниа акоронавирус аиура адагьы егьырҭ ачымазара ҿкқәа рышьҭкаарагьы алшоит.

Уажәы Ҭырқәтәылеи Танзаниеи иҟоу атуристцәа рыхынҳәра ԥҟара ҷыдала имҩаԥгахоит, лҳәеит Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова.

Заанаҵы ахынҳәра зҭаху атуристцәа уи азы атуроператорцәа адырра рырҭароуп. Ростуризм абжьгара ҟанаҵоит атуристцәеи атуроператорцәеи еинырларц.

Ростуризм рашәарамза 1 аҟынӡа ахәыҷқәа рыцны аԥсшьаразы апутиовкақәа аазхәахьо ирабжьыргоит уи ахырхарҭа рыԥсахырц ма аҿҳәара инахарц.

Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла атәылаҿы ииасыз аԥшьашазы коронавирус-хҭысқәа апандемиа иаалагазартәи арекорд иахысны 55 941 –хҭыс шьақәнартәеит. Ахәашеи асабшеи рызгьы уахыки-ҽнакитәи ахҭысқәа— 55 791, 52 676 ыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0