Лавров: Урыстәылагьы Америка иаҿагылоу асанкциақәа аланагалоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Министерства иностранных дел РФ
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Анапаҵаҩра
Еиду Америкатәи аштатқәа имҩаԥнаго асанкциақәа ҳаҩтәылак рҭахрақәа ирықәшәаӡом ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Москва ЕАА иаларгалаз асанкциақәа рҭакҟаҵара рҽаздырхиоит, Урыстәылантгьы жәаҩык америкатәи адипломатцәа алганы ирышьҭуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Архивное фото Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Еиду аштатқәа Урыстәыла аганахь асанкциа ҿыцқәа аланагалеит

"Ҳара иаҳзаарышьҭыз асиа ианын жәаҩык адипломатцәа рыжәлақәа, урҭ уантәи иқәҵырц аҳәара ҳзаарышьҭит, ҳаргьы убасҵәҟьа дара рдипломатцәа жәаҩык Урыстәыла иқәҵырц рыдаагалоит", - иҳәеит Лавров сербтәи иколлега Николо Селаковичи иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь имҩаԥыргаз апресс-конференциаҿы.

Лавров инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи аекономика аԥкра ҿыцқәа ириааиртә ишыҟоу, Америка асанкциақәа Урыстәыла ишаԥырхагам.

"Ҳара Урыстәыла ахада дыззыразхаз аусмҩаԥгатәқәа зну аҳәамҭа иаарласны иаҳкьыԥхьуеит, аҭак раҳҭоит аиҩызаратә ҟазшьа змам, иҵаҵӷәыдоу Вашингтон асанкциақәа ҳара ҳтәылауаа, ахазхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи, ҳфинанстә системеи ирҿагылоу ашьаҿақәа", - иҳәеит Лавров.

Архивное фото вице-президента США Джозефа Байдена  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Баиден Урыстәыла иазкыз ажәахә ҟаиҵеит

Еиду Америкатәи аштатқәа аԥшьаша Урыстәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит. Урҭ ирыҵаркит 32 хазхаҿи аиҿкаарақәет. Иара убас урҭ асанкциақәа ЕАА рфинанстә усбарҭақәа азин рырҭаӡом Урыстәыла аҳәынҭоблигациақәа шҭрыжьлак еиԥшҵәҟьа раахәара рашәара 14 рышьҭахь. Уи адагьы, Вашингтон аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи адипмиссиа ахаҭарнакцәа жәаҩык атәыла ишалнацо азы.

Еиду Америкатәи аштатқәа имҩаԥнаго асанкциақәа ҳаҩтәылак рҭахрақәа ирықәшәаӡом ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. ЕАА рсанкциақәа рҭак иаарласны аус адуланы рыӡбахә ҳҳәоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0