Атуроператорцәа Голикова илыҳәеит атуристцәа рзы атестқәа аԥырхырц

CC0 / / Тест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылаҟа ихынҳәуа атуристцәа ПЦР-тест аҟаҵара ахьрықәшәо рбиуџьет акыр ианыруеит.

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) акоронавирус аҿагыларазы аоперштаб, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лахь аҳәара ҟарҵеит аҳәаанырцәынтә ихынҳәуа атуристцәа COVID-19 азы ҩынтә атестқәа рыҭара аҟынтә рхы иақәиҭтәызарц. Иара убасгьы алаҵа ззыҟаҵоу "ПЦР-тест" аҭара рыдҵамзарц.

"Урыстәылаҟа ахынҳәраан ҩынтә ПЦР-тестқәа раҭара аҭаацәара рбиуџьет акыр иҵнашәаауеит. Москвеи Петербурги стандарттә анализк аҭара ахәԥса 2 290 - 2 550 итәоит, ианырццактәу – 2 860 - 3 240 аӡәы изы", – аҳәоит АТОР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владимир Канторович инапы зҵаҩу ашәҟәы.

Ассоциациа иара убасгьы иазгәанаҭоит Ҭырқәтәылаҟа аҳаиртә еимадара ахьаанкыло азы, аплиажтә ԥсшьара адефицит ахьцәырҵыз, авиамҩангарақәа рыхәԥса ахьыҳаракхаз, ареисқәа рмаҷра иахҟьаны ахәԥсақәа рышьҭыҵра иаҵанакит аҳәаанырцәтәи акурортқәа зегьы.

Роспотребнадзор аԥкырақәа аҭаацәара рыԥсшьара ахәԥса акыр иҳаранакуеит ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Аԥсны аиҳабыра Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа ҳаилнаркаауеит

Аилахәыра АЛЕАН Аԥснытәи ахырхарҭаҿы атурқәа раԥыхра азгәанаҭом, убри аан иҿыцу атурҿаҵарақәа рзы аҭагылазаашьа аҽакала иҟоуп. Апресс-маҵзураҿы ишырҳәо ала Аԥсныҟа урыстәылатәи атурпоток ламҟәыр алшом, избанзар ареспублика – зыхәԥса ҳаракым аҭаацәаратә ԥсшьара иатәуп. Ҩынтә атестқәа раҭара ԥшьҩык рыла ишьақәгылоу аҭаацәара ртурпакет ахәԥса артәоит.

АЛЕАН аҿы агәҭынчымра аадырԥшуеит Аԥсныҟатәи аекскурсиатә программақәа рызгьы.

Сергей Ромашкин, аилахәыра "Дельфин" адиректор хада игәаанагарала ҩынтә атест аҭара ахымԥадатәра Аԥсныҟа аара аҭаххара ланарҟәуеит 50% рҟынӡа.

Мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадеи Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Поповеи Аслан Бжьаниеи еиԥылеит. Бжьаниеи Поповеи акоронавирустә инфекциа Аԥсни Урыстәылеи аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Аиԥылара хыркәшо, Анна Попова атуристичестә сезон аартра далацәажәеит, иагьылҳәеит атурсезон азҵаара Аԥсны иҷыдоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи лареи шалацәажәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0