Урыстәыла Бишкеки Душанбе рыбжьара аимак аҭышәныртәаларазы ацхыраара иазыхиоуп

© Sputnik / Эламан Карымшаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на границе между Киргизией и Таджикистаном
Ситуация на границе между Киргизией и Таджикистаном - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адгылара анаҭоит Бишкеки Душанбе рыбжьара аимак аҭышәныртәаларазы аусуратә гәыԥ аԥҵара. Аиҿкаара ауаажәларра аинформациала еиқәнаршәалоит, иара убас аҭагылазаашьа иацклаԥшлоит.

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла адгылара анаҭоит Кырӷысҭани Таџьикистани атәылақәа рҳәааҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи, ахымца аанкылареи рзы ирыдкыло аиқәшаҳаҭра. Абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

"Бишкеки Душанбе рыбжьара аусуратә гәыԥ аԥҵаразы аӡбамҭа адгылара аҳҭоит. Аиҿкаара ауаажәларра аинформациала еиқәнаршәалоит, иара убас аҭагылазаашьа иацклаԥшлоит. Урыстәыла азыхиоуп аполитика-димпломатиа ирықәшәо аметодқәа рыла еиуеиԥшым аимакқәа рыӡбара", - лҳәеит лара.

Захарова ахәшьара алҭеит Кырӷысҭани Таџьикистани рдиаспорақәа рахь иҟарҵаз аҳәамҭақәа.

"Ари хра злоу ҳәамҭоуп, иаанарԥшоит аганқәа аҭышәынтәалара шырҭаху, амчраҿ иҟоу ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит аимак-аиҿакқәеи, уҳәан-сҳәанқәеи рыгәра рымгарц", - азгәалҭеит лара.

Кырӷысҭани Таџьикистани рҳәааҿы инхо ауааԥсыра рыбжьара аҭагылазаашьа уадаҩхеит мшаԥы 29 рзы, анаҩсан абџьаршьҭыхлатәи аимак аҭыԥ аман. Аиҿагыларақәа ирыхҟьаны аҩганк рҟны аԥсыҭбарақәа ҟалеит, 200-ҩык инареиҳаны ааха роуит.

Ахәашаҽны Бишкеки Душанбе ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова линтервиу ду урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0