Урыстәыла Израили Палестинеи ахымца ааныркыларазы ааԥхьара ҟарҵеит

© REUTERS / Mohammed SalemПалестинцы собираются на месте разрушенных домов после израильских авиационных и артиллерийских ударов в секторе Газа
Палестинцы собираются на месте разрушенных домов после израильских авиационных и артиллерийских ударов в секторе Газа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәаанагарала хымԥада иахәҭаны иҟоуп аимак аҭышәныртәалараз жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа реилатәара амҩаԥгара.

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Урыстәыла ақәыӡбоит Израили Палестинеи аҭынч уааԥсыра ауадаҩра рҭаргылара, аимак аанкылатәуп ҳәа иҳәеит ООН  ашәарҭадаратә Хеилак аилатәараҿы Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Вершинин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҳәсеи ахәыҷқәеи злоу жәаҩыла ауаа рҭахара алзыршаз аибашьра аанкылатәуп", - иҳәеит иара.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2019
Израиль ракетала Шьамтәыла аҳаиртә баӷәаза иалахысит

Адипломат иазгәеиҭеит Москва ааԥхьара шыҟанаҵо аамҭа мгакәа Израили Палестинеи рыбжьара адиалог иалагарц.

Иара иажәақәа рыла уи иарбанызаалак ганктәи ашьаҿақәа мап рыцәклатәуп.

"Аҭагылазаашьа адеискалациеи агәреибагара атмосфереи раԥҵаразы ҳгәы иаанагоит хра амоуп ҳәа аминистрцәа рыҩаӡарала еиҿкаау жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа "Мрагыларааигәатә квартет" аилатәара мҩаԥгатәуп ҳәа", - иҳәеит  Вершинин.

"Иара убасгьы дареи арегионалтә фигурақәеи ркоординациаз иара убасгьы иахәҭаны иҟоуп инарҭбаау аформат ала аиԥылара, арегион аҿы ихадоу атәылақәа алархәны", - ишьоит адипломат. Ҳажәалагала амчра амоуп Москва Израили Палестинеи рхадацәа реиԥылара аиҿкааразы".

Мрагыларатә Иерусалим аҿы аибарххара аҭыԥ аиуит мшаԥымзазы. Лаҵара 7 азы израильтәи аҳәаахьчаратә полициеи палестинааи бџьаршьҭыхрыла еиҿанагалеит. Аԥхьа аиҿагыларақәа ҟалеит Шеих-Џьаррах, нас Абааштә шьха аҿы. Абри ашьҭахь аимак акыр иххахеит.

Аганқәа  аракетатә еиҿахысрақәа мҩаԥыргоит. Лаҵара 16 азтәи адыррақәа рыла аимак аескалациа иаалагазар палестинатәи анклав аҟынтәи израильтәи аҵакырахь 2,9 нызқь ракета ҭырҟьоуп, 1 150 урҭ рҟынтәи аҳауаҽацәыхьчаҩцәа иааныркылеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Израиль жәаҩык ҭахеит, 50-ҩык ахәрақәа роуит. Израиль абри аҭакс Газа асектор иалахысуеит. Иҭахаз полестинаа рхыԥхьаӡара 188-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 55-ҩык хәыҷқәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0