Лавров Урыстәылеи Мраҭашәареи реиҩызара аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Израиля С. Лаврова и Г. Ашкенази
Встреча глав МИД РФ и Израиля С. Лаврова и Г. Ашкенази - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа уадаҩхеит Украинатәи ахҭысқәа рышьҭахьи, нас Ҟрым аныхынҳәи. Уи адагьы Вашингтон изныкымкәа Москва ахара ахаранаҵахьеит алхрақәа ахы рыланагалеит ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәылеи Мраҭашәареи реиҩызара аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Вестминстерский мост через реку Темза в Лондоне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Британиа Ду Урыстәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ҵнашәаауеит иҳәеит Лавров

"Ҳара ҳазыхиоуп Мраҭашәареи ҳареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьалап ҳәа. Аха иазгәасҭоит убри аан шәышықәсала, зқьышықәсала ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаҳзаанрыжьыз ахҳаҭырақәҵара амҩала. Ҳтәылауаа рыбзабаа – абри ауп ҳара ҳполитика иахықәкы хадоу", - иҳәеит Лавров арккаратә марафон "Новое знание" алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгыло.

Аминистр иҳәеит Урыстәыла ахатә ҭоурых, атрадициақәа ахаршҭны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шалымшо, избанзар арҭ аҟазшьақәа хәызмаӡам беиараны иҟоуп.

"Ҳара еснагь амилаҭтә гәадура ҳаман. Ари ҷыда ҟазшьоуп ҳара ҳзы. Иҟоуп ажәларқәа уи зыцәтәыму. Абзазараҿы арҭ ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа ҳреиҽырбозар, жәларбжьаратәи аренаҿгьы ҳпозициа аазырԥшуа ракәны иҟазароуп", - иҳәеит Лавров.

Ари амчыбжь азы Сергеи Лаврови америкатәи иколлега Ентони Блинкени аиԥылара рыман Реикиавик, Арктикатә хеилак асессиаҿы. Аганқәа ирҳәеит ишазыхио аизыҟазаашьақәа рырҿиара. Аҳәынҭқаррақәа рыҩба рхаҭарнакцәа иаздырхиараны иҟоуп ажәадгалақәа атәылақәа рхадацәа реиԥыларазы, астратегиатә ҭышәынтәалара азҵаарақәа рганахь алагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0