Донецк Киев ахара аднаҵоит миномиотла ақалақь акалҭ иалахысуан ҳәа

© Sputnik / Sergey Averin / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖилой дом в центре города Ясиноватая в Донецкой области, пострадавший в результате обстрела
Жилой дом в центре города Ясиноватая в Донецкой области, пострадавший в результате обстрела - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Ааха ӷәӷәа аҭоуп Донецк иҟоу агазмҩангага, афымцацәаҳәақәа, лашарада иаанхеит 190 ҩны.

АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Украинатәи арратә мчрақәа Донецк акалҭ иалахысит 60 миллиметра згәыцә ыҟоу аминомиотқәа рыла. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ахымца аанкыларази ахылаԥшрази ДЖәР ахаҭарнакра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Иахьа асааҭ 17.30 рзы Украина амчрақәа 60 миллиметра згәыцә ыҟоу аминомиотқәа рыла ашахта "Трудовская" аиланхарҭа иалахысуан. Иазгәаҭоуп агазмҩангага ааха шаиуз, иара убас атрансформатортә станциа маҷ. Лашарада иаанхеит 190 нхарҭа ҩны", - ҳәа иҳәоит ДЖәР ахаҭарнак.

Уаанӡа Донбасс амчра роухьан аинышәара алыршаразы ауснагӡатә цҵақәа. Арҭ ауснагӡатәқәа иазԥхьагәарҭоит ахымца аанкылара, аиланхарҭақәа рҿы арратә техникеи ари ргылара азин аҟамҵара, аԥшыхәра-диверсиатәи ажәыларатәи усқәа раԥырҟәҟәаара.

Визит главы МИД России С. Лаврова в Финляндию - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Лавров: Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭра нанагӡартә иҟазҵо Мраҭашәароуп

Иара убасгьы азин ыҟам аганқәа реинырра ацәаҳәақәа рҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахрархәара. Уи адагьы ауснагӡатәқәа иазԥхьагәарҭоит ахымца аанкылара арежим аилагаразы аҭакԥхықәра. Ахымца аанкыларазы адҵақәа аимак шьаҭанкыла иҭышәныртәалахаанӡа амчра рымоуп.

Украина аиҳабыра 2014 шықәса лаҵарамзазы ахьыԥшымра рылазҳәаз Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи рганахьала арратә операциа хацдыркит. ЕАР аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аимак иалаӡхьеит 13 000-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Минсктәи аинырратә гәыԥ 2014 шықәса раахыс х-документк рыдыркылахьеит – аимак адеескалациазы. Аха аинышәаразы аиқәшаҳаҭрақәа рышьҭахьгьы ари аҭыԥ аҿы ахысбыжьқәа шгац игоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0