Шәача идырцәеит 870 квадраттә метр зымҽазкыз амцакра

© Sputnik / Олег Кузьмин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожар на складе автозапчастей в Красноярске
Пожар на складе автозапчастей в Красноярске - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Акурорт аҟны амца ркит ахәаахәҭратә павилионқәа, абылра зыҩаӡара ҳаракыз аранг ауп ҳәа рылаҳәан.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Иаха Шәача идырцәон 870 квадраттә метр зымҽазкыз амцакра, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Краснодартәи атәылаҿацә АҶА апресс-маҵзура ажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Акурорт аҟны амца ркит Пластунскаиа амҩаҟны ахәаахәҭратә павилионқәа, абылра зыҩаӡара ҳаракыз аранг ауп ҳәа рылаҳәан. Иазгәаҭоуп амцарцәара сааҭки бжаки ишаҿыз. Амца аанкылан асааҭ 00:42 рзеиԥш, зынӡаск ирцәан 01:21 рзы.

Абылра зыхҟьаз еилыркаауеит ҳәа рҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә АҶА апресс-маҵзураҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0