Авирус аҽеиҭакра иахьмырԥшкәа ахьчара зылшо алаҵа аус адырулоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России
Госпиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥымзазы Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура адырра ҟанаҵеит акоронавирус апрофилактикеи ахәышәтәреи алзыршо алаҵа "МИР-19" азы апатент шаиуз.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) алаҵа ҿыц COVID-19 аиҭакрақәа зегьы рацәыхьчара алшоит ҳәа еиҭалҳәеит амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Татиана Иаковлева агазеҭ "Известия" аинтервиу аҭо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Хәажәкырамзазы ФМБА анапхгаҩы Вероника Скворцова аҳәамҭа ҟалҵеит амаҵзура аус шаднауло акоронавирус аҟынтә алаҵа ҿыц, ахыцҩаӡарала аиммунитет аманы: ацәеижьҿагылақәа мызла иҟазар, ахыцтәқәа шықәсыла, 13-17 шықәса инарзынаԥшуа рыҟазаара алшоит. Скворцова илҳәеит ФМБА аҿы ишақәгәыӷуа аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа ԥхынгәымзазы ихыркәшаны, рклиникатә ҭҵаарақәа рфаза иалагап ҳәа.

Иаковлева лажәақәа рыла, ари апрофилактикатә лаҵа егьырҭ излареиԥшым фымз иҟоу, хӡык иазырхоу агуморалтә иммунитет аиура адагьы, инарҭбаау аиммунитет аиура ахьалнаршо ауп. Акоронавирус SARS-CoV-2 аҽеиҭакра алшоит, ицәырнагоит иахьазы иҟоу алаҵақәа ззымчыдоу егьырҭ ахӡы-хкқәа.

Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
COVID-19 аҟынтәи Урыстәыла ахԥатәи алаҵа хра ахьынӡамоу азы адыррақәа кьыԥхьуп

"ФМБА аус зыднауло алаҵа, иара убасгьы ахыцтә иммунитет арҿиоит. Иарбанзаалак аҽеиҭакра иахьыԥшымкәа COVID-19 аҟынтәи уахьчоит", - лҳәоит Иаковлева.

Мшаԥымзазы Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура адырра ҟанаҵеит акоронавирус COVID-19 апрофилактикеи ахәышәтәреи алзыршо алаҵа "МИР-19" (Малая Интерферирующая РНК) азы апатент шаиуз.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз акәхеит. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".

Ажәабжьқәа зегьы
0